"Хра злоу ахҭысқәа": Кәарҷелиаԥҳа абызшәа иазкны
"Апатриотизм мацарала иахьа хара узцаӡом. Ҳаргьы иаабеит уи. Ҩажәеи хәба шықәса иаҳҳәон ԥхашьароуп, шәаԥсыуаауп, шәбызшәа шәдыруазароуп ҳәа. Аӡәыр акыр иҵама? Ирландиагьы ауаҩы дчынуаҩхарц азы аԥышәара иҭиир акәын. Жәашықәса рыҩныҵаҟа Ирландиа иқәынхоз рҟынтәи 60-нызқьҩык рҟынӡа есышықәса атәыла аанрыжьуан. Ажәлар агәынамӡара аадырԥшуан, абызшәа аҳаҭыргьы лаҟәын. Иаагозар абаскцәа, аҟазахцәа, аестонцәа абызшәа арҵара комплексла иазнеит. Аха уи азы шьаҿа-шьаҿала еиқәыршәатәуп апрограмма. Абызшәазы азакәан анаԥҵаха, ахы инаркны аҵыхәанӡа аҳәынҭқарратә программа ыҟазароуп.
Ҳара ҳхала ҳамацара ари азҵаара ҳзыӡбаӡом. Аԥышәа ду змоу анҭыҵтәи аҟазацәа адыԥхьаланы аԥсуа бызшәа ианаало апрограмма шьақәыргылатәуп. Аӡәык-ҩыџьак аентузиастцәа арҵаҩцәа ирыдҵаны, мамзар усбарҭак иадҵаны азҵаара узыӡбазом", —лҳәеит Кәарҷелиаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио.