Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Занҭариаԥҳа амҵәышәымпыл ачемпионат азы: имҩаԥааго рҟынтә ихадароу иреиуоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЖанна Зантария
Жанна Зантария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху аспорттә хан аҟны иахьа иаатыз аҳәса рыбжьара амҵәышәымпыл асразы ачемпионат далацәажәеит Абаҩрҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩ Жанна Занҭариаԥҳа.

"Ҳара есышықәса еиуеиԥшым аспорт хкқәа рыла аицлабрақәа мҩаԥаагоит. Аԥсны аҩныҵаҟа имҩаԥааго амҵәышәымпыл азы аицлабра иаҳа аҵакы змоу акәны иҟоуп, избанзар уи ахыркәшамҭаз ираҳтоит аразриадқәа аспорт азҟазаразы акандидат, аспорт азҟаза ухәа реиԥш иҟоу. Амҵәышәымпыл асра аӡӷабцәагьы бзиа ирбоит Аԥсны, ахацәа ракәзар — анҭыҵгьы иҟоу аицлабрақәа рхы рыладырхәуеит. Сынтәатәи аицлабрақәа ирылахәу акомандақәа рхыԥхьаӡара ааба ыҟоуп: Аҟәантәи ԥшьба, Гәдоуҭа, Очамчыра, Тҟәарчал, Гагра. Аицлабрақәа рыӡбаҩ хадас дыҟоуп Николаи Гушьин, иара убасгьы аҭыԥҳацәа азыҟаиҵоит", — лҳәеит Занҭариаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иахьа Аҟәа Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху аспорттә хан аҟны иаатит аҳәса рыбжьара амҵәышәымпыл асразы ачемпионат, ихыркәшахараны иҟоуп ԥхынҷкәын 17 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0