Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арухаа жәлар рарҳәагақәа роркестр азы: ажәытә мырӡкәа аҿар ирзааигәахар ҳҭахуп

© SputnikДенис Арухаа
Денис Арухаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар рмилаҭтә арҳәагақәа иахьазы азҿлымҳара ахьынӡарымоу, урҭ рахь агәыбылра изыркыз арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа рыла ишьақәгылоу аҳәынҭқарратә оркестр асахьаркыратә напхгаҩы Денис Арухаа.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Арухаа жәлар рарҳәагақәа аоркестр атәы

"Жәлар рарҳәагақәа бзиа избоижьҭеи, ари аус сазычмазҩуижьҭеи акраамҭа ҵуеит сҳәар сылшоит. Иҟалап, саб иакәзар уи агәыбылра сзыркыз, саныхәыҷыз Гәдоуҭа еиҿкааны имаз  ансамбль "Адац" аҟны адаул сасуан. Уи ашьҭахь аҵараиурҭаҟны Оҭар Хәынҵариа рҵаҩыс дсыман, уигьы ибзоуроу рацәоуп. Знык ари аус иугәарԥханы, гәыкала  уаналагалак кажьшьа амаӡам ҳәа сгәы иаанагоит. Ауадаҩрақәа рацәоуп, аха аоркестр сара мацара,  мамзаргьы саб иитәу акәӡам, ажәлари аҳәынҭқарреи иртәуп.  Издыруеит адгылара ҳарҭоит, аха даҽа маҷк уажәазы ирылымшо рылдыршар, усҟан иаҳа алҵшәа аиуеит. Аҿар рганахьала иахьа, изаҳӡои, аинструмент бзиа ибаны инеиуа маҷуп аоркестр ахь. Еиҳараӡак аҿарацәа рыла изышьақәсыргылаз дара аҽакала ирбоит иахьатәи аԥсҭазаара, ажәытәгьы ҳхамыршҭкәа аҿарацәагьы ирзааигәахартә еиԥш ҳазнеир ҳҭахуп ари аус", —  иҳәеит Арухаа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыхны аицәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0