Ермантәыла Ацентртә алхратә комиссиа алхрақәа реихшьаалақәа мҩаԥнагеит

Анапаҵаҩра
Раԥхьаӡа акәны Ермантәыла Амилаҭтә еизарахь изымнеиӡеит Ермантәыла ареспубликатә партиа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 – Sputnik. Амҽышаҽны Ермантәыла Ацентртә алхратә комиссиа апарламент ахь изаамҭанытәым алхрақәа реихшьаалақәа мҩаԥнагеит. Алхрақәа мҩаԥган ԥхынҷкәын 9 рзы. Амилаҭтә еизарахь инеиит апартиатә мчқәа хԥа: аблок "Мой шаг", апартиа "Процветающая Армения", апартиа "Светлая Армения" ҳәа аанацҳауеит Sputnik Армения.

"Азакәанԥҵара инақәыршәаны, Амилаҭтә еизарахь алхра ашьҭахь абжьымш рыҽны Ацентртә алхратә комиссиа аԥкаанҵа шьақәнаргылеит", — иҳәеит Ацентртә алхратә комиссиа аиҳабы Тигран Мукучиан.

Парламентские выборы в Армении - Sputnik Аҧсны
Пашиниан иблок азы рыбжьы рҭиит 70% алхыҩцәа

Акомиссиа алахәылацәа зегьы адокумент рнапы аҵарҩит. Аофициалтә дыррақәа рыла, алхрақәа ирылахәын 2,59 миллион алхыҩцәа рҟынтәи 1,26 миллионҩык.

Аихшьаалатә дыррақәа рыла, атәыла аԥыза-министр Никол Пашиниан дызхагыло аблок "Мой шаг" 884,8 нызқь бжьы аиуит (70,44%). Апартиақәа "Процветающая Армения"; "Светлая Армения" — 103,8 нызқь бжьи (8,27%) 80 нызқь бжьи (6,37%).

Никол Пашиниан иблок "Мой шаг" апарламент аҿы 88 мандат аиуит, 132 рҟынтәи, ҳәа иҳәоит Мукучиан.

"Апарламент шьақәгылоит 132 депутат рыла. Аблок "Мой шаг" 88 мандат аиуеит, апартиақәа "Процветающая Армения"; "Светлая Армения" – 26; 18 мандат ", — иҳәоит Мукучиан.

Ԥхынҷкәын 9 рзы имҩаԥысуаз апарламенттә алхрақәа ирылахәын аблокқәа ҩбеи апартиақәа жәбеи.

Азакәанԥҵара инақәыршәаны, Амилаҭтә еизара азинмчра анаиулак ашьҭахь атәыла ахада адепутатцәа ирыдигалоит аԥыза-министр икандидатура.

Аминистрцәа реилазаара еиҿкаахароуп жәохә мшы рыҩныҵҟа. Абри ашьҭахь ҩажәамш ирылагӡаны Аминистрцәа реилазаара апрограмма Амилаҭтә еизара иаднагалароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0