Урыстәылеи Аԥсныи рыруаа аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРоссийская военная база в городе Гудаута Республики Абхазия
Российская военная база в городе Гудаута Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зықьҩык инарзынаԥшуа Урыстәылеи Аԥсныи рыруаа, 200 цыра рҟынӡа арратә техника алархәны аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафиев ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Аладатәи арратә округ аруааи Аԥсны атәылахьчара аминистрра аруааи акомплекстә тактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳаамҭазтәи акомандаҟаҵаратә пунктқәа рҟны атәылақәа рыҩба рафицарцәа еиныррала имҩаԥыргеит аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара аоперативтә ӡбара аҭара, рҿаԥхьа иқәгылаз аусдҵақәа рынагӡара", — ҳәа иҳәоит Астафиев

Мчыбжьык аҩныҵҟа аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҟны, ашьхара иаԥну аҭыԥқәа рҿи амшынԥшаҳәа иаԥну аҭыԥқәа рҿи аррамаҵзурауаа аҽыхьчаратәи ажәыларатәи усқәа мҩаԥыргон, ахысрақәа ирҿын.

Уи адагьы урыстәылатәи аруаа аԥснытәи рколлегацәа рзы имҩаԥыргеит арратә дисциплинақәа зегь рганахь ала арбагатә зыҟаҵарақәа. Ҷыдала иазааҭгылан амедицинатә зыҟаҵара, "ахәцәа" аԥхьатәи ацхыраара рыҭара.

Зықьҩык инарзынаԥшуа Урыстәылеи Аԥсныи рыруаа, БТР-82АМ, Т-72Б3, "КамАЗ" реиԥш иҟоу 200 рҟынӡа атехника алархәны аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0