Ашәԥҳа Тамшьтәи ашкол-интернат иазкны: насыԥ сымоуп араҟа аус ахьызуа
"Насыԥны исыԥхьаӡоит арҵаҩцәа рырҵаҩцәа ззырҳәоз Тамшьтәи ашкол аҿы иахьыҟаз. Ашкол еиднакылоз ақыҭақәа рацәан, иара иахьагьы ус ауп ишыҟоу. Ашкол иалгеит еицырдыруа аҵарауаа дуқәа, алитература азҟазацәа, аҳақьымцәа арҵаҩцәа, анџьнырцәа. Тамшь ақыҭа аӡәырҩы рҩымҭақәа рҿы иаарԥшуп. Иахьагьы ҿыц еиҵагыло абиԥарақәа урҭ ауаа дуқәа иаанрыжьыз ашьҭақәа ирықәныҟәоит", — ҳәа азгәалҭеит Ашәԥҳа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.