Владимир Агрба: Шьалуа Ҵәыџьба дрызхәымжәеит, даԥсыуа патриот дуун

© Фото : Аҭаацәара рархив аҟынтәШьалуа Ҵәыџьба аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыбжьара, итәоу рахьтә арымарахьала аҩбатәи.
Шьалуа Ҵәыџьба аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыбжьара, итәоу рахьтә арымарахьала аҩбатәи. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩ, аҵарауаҩ нага, алитератураҭҵааҩы Владимир Агрба дазааҭгылоит апоет Шьалуа Ҵәыџьба дызнысыз иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи рҟынтә лкаақәак.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ԥхынҷкәынмза 18, 1912 шықәса рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан диит аԥсуа поет, апрозаик, апублицист, аиҭагаҩ Шьалуа Леуарсан-иԥа Ҵәыџьба. Заԥхьаҟа аԥсҭазаара аԥышәа иаӡрыжәыз, аџьамыӷәа цәгьа зхызгаз, аха уи алҵра зылзыршаз Шьалуа Ҵәыџьба ишьҭамҭа аԥсуа литература ианымҵуа иазынижьит.

Шьалуа Ҵәыџьба иқыҭа гәакьаҿ аиҵбыратәи аклассқәа данрылга, иҵара иациҵоит Гагратәи ашкол интернат аҿы. Анаҩс, Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол дҭалоит. Аамҭаказы, аус иуан Аԥснытәи ашәҟәҭыжьырҭаҿы. 1932 шықәса рзы дҭалоит Аахыҵ-Уаԥстәылатәи арҵаҩратә институт. Ахԥатәи акурс аҿы дыштәаз, дырбаандаҩны дахыргоит Сибраҟа, Сталинтәи арежим аҟырҟы еиқәаҵәа дкылсыр акәхеит.

"Шьалуа Ҵәыџьба, аԥсуа сахьаркыратә литература аниз аамҭазы, Дырмит Гәлиа агазеҭ "Аԥсны" аҿы еидикылаз аҿар рахьтә маҷк деиҵбын. Аха, а-30-тәи ашықәсқәа рзы интенсивла аҩра далагеит, ибзиангьы ишьапы икит", — ҳәа азгәеиҭоит алитератураҭҵааҩы Владимир Агрба.

Владимир Агрба излеиҳәо ала, "Ажәлар раӷацәа" ҳәа ахара зыдҵаны идырӡуаз рхыԥхьаӡара дшалашәазгьы, Шьалуа Ҵәыџьба дахьҭакыз ахеиқәырхара илиршеит.

"Сибратәи ахьҭеи, агәаҟреи-аҵәаҟреи ихимгаз акгьы ыҟам. Ишықәс идырҵаз даналгагьы арахь аара азин имаӡамызт азы Сибра аус иуан. Сара исгәалашәоит, Тамшьтәи абжьаратә школ сҭан, 1954 шықәса рзы иашьеиҳаб ашкол аҟны аус иуан анхамҩа аиҳабыс. Убасҟан, убра иааҳалаҩҩит "иӡны иҟаз Шьалуа Ҵәыџьба дааит" ҳәа. Даара ҳаигәырӷьеит, дшааиз еиԥш иаразнак Дырмит иҿы днеит", — ҳәа игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит аҵарауаҩ нага.

Дырмит Гәлиеи Шьалуа Ҵәыџьбеи реицәажәара шышьақәгылаз атәы ҳаилиркааит ҳзыҿцәажәоз.

"Ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәа ҳәа акагь ҳамаӡам иҳәеит Гәлиа, Ҵәыџьба иахь ихы нарханы. Уара упоетуп усгьы, ахәыҷқәа рзы акрыузыҩуазар бзиан ҳәа иабжьигеит. Шьалуа Ҵәыџьба дақәшаҳаҭхеит. Ашәҟәы иҩит, ахәыҷкәа ирызкны ажәеинраалақәа реизгагьы ҭижьит раԥхьаӡа", — иҳәеит Агрба.

Шьалуа Ҵәыџьба инапы иҵиххьоу арҿиара акырӡа ыҟоуп, алирика ҟаимаҭ аԥиҵеит, ажәеинраалақәа реизгақәа ҭижьит. "Хьаас исзынхаз" захьӡу иажәеинраала ацәаҳәақәа абас еиԥш иҟоуп:

"Сара шаҟа гәаҟра схызгахьоу, шамаха ихимгац аӡәгьы…

Мап, ихьҭаз, имлаз иԥысшәахьоу, хьаас ҳәа исымаӡам акгьы.

Ргәаҟгас, гәырҩа дуӡӡас исзынхаз-исцәынхаз ауп иҟамҵакәа,

Ҩажәа шықәса инҭыкәкәа иахьцаз, ҩымҭа заҵәык сзаԥымҵакәа…"

1966 шықәса рзы Аҟәа ақлақь аҿы иҭыҵыз игәалашәарақәа еидызкыло аизга шьаҭас иамоуп ихигаз агәаҟрақәа ртәы.

"… Избон амца харантәи снаԥшны.

Мап, самгеит ахьҭа, сеиқәхеит сеибганы,

Амца зҽаҭа иаҿыз аҽырԥхара

Срылагылазшәа сгәы смыжьжьоз сара!.."

Мушни Лашәриа - Sputnik Аҧсны
Мушьни Лашәриа: аԥсҭазаара уԥхьоит, ирацәоуп аутәы, аҟаҵатә, урҭ ҵҩа рымаӡам

Шьалуа Ҵәыџьба, аԥсҭазаара ихатә философиала дазнеиуан, ихәыцра ҵаулан, идунеихәаԥшышьа ҭбаан. Аԥсуа литература аҿиараҟны илагаламҭа ду азы Д. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа даԥсахахьеит. СССР-и, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи далахәылан. Акыр шықәса ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредақциаҿы аус иухьан.

"А-30-тәи ашықәсқәа инадыркны 60-тәи ашықәсқәа рҟынӡа, аусура азин имамкәа даныҟазгьы, ашьҭахьгьы данааи, иажәеинраалақәа рыла аԥхьаҩцәа даара ҳиргәырӷьеит. Иҟаиҵаз маҷӡам, дпоет дуун, дуаҩ иашан. Ахыԥсыра цәгьа шихигазгьы, дрызхәымжәеит, иара ипозициа иикыз икын, даԥсыуа патриот дуун, убас иԥсҭазаара мҩаԥигеит", — ҳәа азгәеиҭоит аҵарауаҩ нага Владимир Агрба.

Аԥсуа поезиа Антологиа иагәылалеит Шьалуа Ҵәыџьба иажәеинраалақәа.

"Рҽырҭынчны ицәоуп дгьыли жәҩани, амза аеҵә акәаӷӷа илашоит.

Еихсыӷьрада ҟармаҵыси рдәынеи, адунеи рыбжьы ахырҵәа ашәа рҳәоит.

Изакә насыԥыз уажәраанӡа исымаз, сгәы шԥазыҳәоз абри ажәҩан иаҵәаӡа,

Дцәажәо сгәацаԥха дансывагылаз, лхы-лҿы еихаччо, лыбла ҭшашақәа хааӡа…"

"Гәыла-ԥсыла дазнеиуан иарбан усзаалак. Аурысқәа ирымҳәои: "Поэтом ты не можешь быть, но гражданином быть абязан!" ҳәа. Шьалуа Ҵәыџьба дагьпоетын, дагьгражданинын. Зыԥсы цқьаз, зхы цқьаз, згәы цқьаз уаҩын", — иҳәоит Агрба.

Шьалуа Леуарсан-иԥа Ҵәыџьба дҭаацәаран, иԥшәмаԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵхьеит, димоуп аԥҳа. Иара анышә дамадоуп Аҟәа ақалақь ашәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуцәеи рпантеон аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0