Савели Ҷыҭанаа: 2500 рҟынӡа пальма аԥхасҭа роуеит

Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥсабара ахьчаразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспубликаҿы аԥхасҭа зуа ахәаҷа-маҷа иаҿагыланы ақәԥара шымҩаԥысуа атәы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 19– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2500 рҟынӡа пальма аԥхасҭа роур алшоит еиуеиԥшым ахәаҷа-маҷа ирхырҟьаны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аԥсабара ахьчаразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.

Аркадий Джинджия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьынџьиа апальмақәа рыхәшәтәразы: аусурақәа цәгьамкәа ицоит

Ҷыҭанаа иҳәеит Аҟәеи Гагреи мҽхакыҭбаала апальмақәа абжы аԥхасҭа рнаҭо ианалага ишеиҿыркааз акомиссиа ҷыда. Акомиссиа хадара азиуан иара ихаҭа. Акомиссиа анапы ианын ареспубликаҿы изызҳауа апальмаҵлақәа зегьы аинвентаризациа рызузарц. Ари ауснагӡатә мҩаԥган аилак ацхыраарала.

"Ашәҟәы иҭааҩит зыхкы рацәак иуԥыхьамшәо апальмаҵлақәа (слоноваиа, пальма вашингтониа, сабаль), трахикарпус ҳәа изышьҭо, анна-ара изызҳауа апальмахк ашәҟәы иҭаҳамгалаӡеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит Ҷыҭанаа.

Аинвентаризациа анымҩаԥгаха ашьҭахь еилкаахеит ахәаҷа-маҷа ирыхҟьаны иҭахар шалшо 2500 нызқь рҟынӡа пальма.

"Апальмабжы Аҟәеи Гагреи заҵәык роуп иахьыҟоу. Ҳара заанаҵтәи апрофелактикатә усурақәа мҩаԥаагеит. Аҟәа, Леон имҩа, Аидгылара амҩа, Инал-иԥа имҩа иара убасгьы амшынԥшаҳәа иахьаҵанакуаз игылаз апальмақәа ҳхәышәтәти", - ҳәа еиҭеиҳәоит Аԥсны аԥсабара ахьчаразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.

Аҟәеи Гагреи зеиҭашьақәгылара алшом ҳәа ирыԥхьаӡаз апальмақәа 15 ԥырҟеит.

"Ҳара аекологиатә лкаа ҟаҵаны ақалақь ахадарахь инаҳашьҭит. Уа иҟоуп аҟәша – "Анхамҩа иаҵәа". Дара роуп апальмақәа хызҵәаз. Иԥҟоу апальмақәа хымԥада ижтәуп", - ҳәа иҳәоит Савели Ҷыҭанаа.

Апальмақәа актәи русадулара ашьҭахь ҩымчыбжьа ааҵуаны имҩаԥган аҩбатәи ахәышәтәра.

Гагра апальмақәа рыхәшәтәра актәи ахәҭа хырқәшоуп - Sputnik Аҧсны
Гагра апальмақәа рыхәшәтәра актәи ахәҭа хырқәшоуп

"Арҭ аусқәа рзы апестицидқәа уаанӡа иҳамаз ҳхы иаҳархәеит. Ашьҭахь "Ишьхатәылоу Аԥсны" аиҳабы Ҭенгиз Ҭарба аԥара еизганы апестицидқәа ҳзааитхәеит", - ҳәа иҳәоит Ҷыҭанаа.

Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратә цхыраараз аԥаразоужьра ҽаан шакәу ианалаго.

"Уажәазы апальмақәа рыхәышәтәра аанаҳкылеит, избанзар аԥхарра +15 еиҵахар, уи ҵакыдахоит", - иҳәеит иара.

Абри аамҭала аилак аусуҩцәа имҩаԥыргеит 350 пальма рыхәышәтәраз ауснагӡатәқәа.

Апальмабжы ареспубликаҿ раԥхьаӡа акәны ицәырҵит 2016 шықәса рзы. Абжы иалшоит хымз рыҩныҵҟа зықәра акыр инықәсхьо апальма аҭархара.

Ажәабжьқәа зегьы
0