Адгьылбжьаха Хаинань аҟынтәи атуристцәа рыҩныҟа игьыжьит

© Foto / Авиакомпания IrAero AirlinesАвиакомпания "ИрАэро"
Авиакомпания ИрАэро - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәамш ҵуеит авиоеилахәыра "ИрАэро" атуроператор "Жемчужная река" ауал ахьақәу иахырҟьаны Китаиҟа аҳаирпланқәа рыԥырра ннакылеижьҭеи.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Аилахәыра "Жемчужная река" атуристцәа зегьы Приамуриеҟа ихынҳәит адгьылбжьаха Хаинань аҟынтәи ҳәа аанацҳаит Амуртәи аобласт аиҳабыра рыпресс-маҵзура.

"1500-ҩык рҟынтәи Хаинантәи иқәҵырц зҭахыз рҟынтә аҵыхәтәантәи 22-ҩык атуристцәа Москваҟа иааргеит. Ареис Саниа-Домодедово Самара итәон Ԥхынҷкәын 20 рзы Благовешьченскнӡа ареис аусура иалагоит", - ҳәа еиҭарҳәоит апресс-маҵзураҿы.

Авиоеилахәыра "ИрАэро" атуроператор "Жемчужная река" ауал ахьақәу иахырҟьаны Китаиҟа аҳаирпланқәа рыԥырра шаннакылазгьы ахатә харџьқәа рыла 1500-ҩык урыстәылатәи атуристцәа мҩаннагеит.

Ростуризм ԥхынҷкәын 12 рзы атуроператор "Жемчужная река" аиурист хаҿқәа ҩа атуроператорцәа иаку рфедералтә Реестр аҟынтәи иалнахит.

Москва атуристцәа ацхыраара рнаҭоит нхарҭалеи рыкрыфара-чареи рыла.

Уаанӡа Росавиациа аҳәамҭа ҟанаҵахьан "Жемчужная река" иҟам ареисқәа рыла абилеҭқәа аҭиуеит ҳәа. Азинхьчаратә органқәа абри азы адырра рыҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0