Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бганба: Аԥсны ахада инаҩс ашәарҭадаратә маҵзура ауп аҳәынҭқарра зыхьчаша

© Sputnik Валерий Бганба
Валерий Бганба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә ашәарҭадаратә маҵзура аветеранцәа рхеилак "Акәылӡы" ахада, аполковник Витали Бганба арадио Sputnik аҟны иазгәеиҭеит адемократиа ишаанамго иуҳәалак уақәиҭуп ҳәа.
"Хра злоу ахҭысқәа": Бганба ашәарҭадара азҵаара иазкны

"Иахьа зегьы уҳәартә иҟоуп. Ус ауп ҳәа хәыҷык ихҳарҟьацәо ҳалагеит. Адемократиа иаанагаӡом акаҳуажәарҭаҟны утәаны иуҿыҵашәо зегьы уҳәар ауп ҳәа. Агазеҭқәа ҳамоуп, аха зегьы ираԥызго Facebook ауп. Ҳаҟьашьрақәа уа ианаҳҵоит, ауаа ахәаԥшны иахыччоит. Урыстәыла сыҟан сусура аганахьала, аҩызцәа ҳаиқәшәон. "Уара шәызҿуи, Украина ацкьыс  шәеицәахеит, ианышәҵо закәызеи?",- ҳәа исазҵааит. Асгьы зегьы аныумҵароуп адемократиа рҳәеит ҳәа", -азгәеиҭеит  Бганба.

Ашәарҭадаратә маҵзура аветеран игәаанагарала аибашьра зхызгаз ҳауаажәлар иахьагьы ашәарҭара ду иҭагылоуп, агәаҽанызаара аарԥшра аҭахуп.

"Аԥсны ахада инаҩс ашәарҭадаратә маҵзура ауп аҳәынҭқарра зыхьчаша. Ашәарҭадаратә еилакы аполитика аҽаланамгалароуп, аҳәынҭқарра напхгара азҭалакгьы рус нарыгӡалароуп",- иҳәеит Бганба.

Ԥхынҷкәын ҩажәа  - Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа ирымшуп.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0