Германиа адҵа ҟанаҵеит хәызмоу акультуратә маҭәарқәа Урыстәыла иархынҳәырц

© Sputnik / Руслан Кривобок / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыставка "Бронзовый век. Европа без границ"
Выставка Бронзовый век. Европа без границ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Германиа иархынҳәырц иагәҭаку иреиуоуп: Генрих Шлиман иԥшаамҭақәа, Еберсвальдтәи аҵәах, ҳера ҟалаанӡа IX ашәышықәса иаҵанакуа ахьымаҭәалых.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 – Sputnik. Германиа Урыстәыла иаҳәоит Аҩбатәи адунеитә еибашьра ашьҭахь Урыстәылаҟа инагоу акультуратә ҭынха архынҳәырц ҳәа аанацҳауеит "Известия".

Адипломатиатә хаҭарнакра иазгәанаҭеит арҭ амаҭәарқәа арратә цәыӡқәа рахь ишаҵанамкуа.

2017 шықәса рзы Германиатәи акультуратә обиектқәа ԥшьынтә ирхынҳәын. Арахь иаҵанакуеит: 1944 шықәса рзы Гатчинтәи ахан аҟынтәи идәылгаз асахьақәа. Убри аан анемец ган арҭ "трофеиуп" ҳәа рхырҳәаауеит, Урыстәыла акәзар арҭ арҿиамҭақәа "ииагоу" ҳәа ирыԥхьаӡоит ҳәа азгәарҭеит Ацҳаражәҳәарҭаҟны.

Жәларбжьаратәи акультуратә усеицуразы Урыстәыла ахада ихаҭарнак ҷыда Михаил Швыдкои аҳәамҭа ҟаиҵеит атәылақәа рыбжьара хра змоу аполитикатә диалог ыҟамкәа акультуратә доуҳатә маҭәарқәа реимдарагьы ҟалом ҳәа.

"Апроцесс ахацыркразы агәреибагара ыҟазароуп. Уи иахьазы аҭыԥ аманы избом. Сгәанала атәылақәа рыбжьара хра змоу аполитикатә диалог ыҟамкәа акультуратә доуҳатә маҭәарқәа реимдарагьы ҟалом", - ҳәа иҳәоит Швыдкои Урыстәыла аганахь ала Евроеидгыла асанкциақәа дрызхьаԥшны.

Иара убасгьы иҳәоит аибашьраан СССР аҵакыраҿ ишеимҵәаз, ишыблыз мамзаргьы атәыла ишалгаз зқьыла акультуратә обиектқәа. Урҭ рҟынтәи ирхынҳәу рыхәҭа зынӡа ишмаҷу.

Ажәабжьқәа зегьы
0