Киев Амшынеиқәаҿ ЕАШ аҟазаара арҭбаар аҭахуп

© Foto / ВМС УкраиныКатера ВМС Украины
Катера ВМС Украины - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаша, Украина ашәарҭадареи атәылахьчареи рмилаҭтә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Александр Турчинов аҳәамҭа ҟаиҵеит арратә ӷбақәа Керчтәи аӡыԥжьахала аҭалара еиҭах амҩаԥгара шрыгәҭаку азы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Арратә експерт Игор Коротченко иазиԥхьаӡоит Украина абри аӡыбжьахалаҿ аҽа провокациак амҩаԥгара агәы иҭоуп, ЕАШ Амшынеиқәаҿ аҟазаара алнаршарц ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Крымский мост через Керченский пролив. - Sputnik Аҧсны
Керчтәи аӡыбжьахала аҳауатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны аӷбақәа рҭалара аанкылоуп

"Аҽазныкгьы Керчтәи аӡыбжьахалахь Украина аӷбақәа рнагара, нас иҟалар зылшо аҭагылазаашьа Урыстәыла ахаратәреи уи ашьҭахь ацхырааразы ЕАШ ахь ааԥхьара аҟаҵареи – провокациоуп", - иҳәоит Коротченко.

ЕАШ Аконгресс аҿы ажәалагала ҟарҵахьеит Урыстәыла аганахь ала аҽырцәгьара аҭахуп ҳәа, Амшынеиқәахь аибашьыгатә ӷбақәа нашьҭтәуп ҳәа рҳәахьеит ҳәа азгәеиҭоит аексперт.

Аексперт иажәақәа рыла иҟалар зылшо ахҭысқәа аинформациатә ҵаҵӷәы рзыҟарҵоит.

Уи адагьы Коротченко иҳәоит украинатәи аӷбақәеи урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәеи уаанӡеиԥш реимак цәырҵыр, Украина арратә ҭагылазаашьа аҿҳәара иацҵахоит.

Абҵарамзазы Украина арра-мшынтә флот аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Капу" Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит, дара мҩаԥызгоз Урыстәыла амшынеиқәатә флоти Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә маҵзура рыӷбақәеи рышхәақәеи иаангыларц азы иҟарҵоз адҵа иаххәыцуамызт ҳәа. Абри ашьҭахь аӷбақәа ааныркылеит Урыстәылатәи амшынԥшаҳәаҟынӡа 20 километра рҟынӡа бжьани Ҟрымтәи ацҳа аӷбақәа ахьыҵысуа аҟынтәи 50 километра рҟынӡа набжьани.

Абри аан хҩык украинатәи амшынуаа ахәрақәа роуит. Урҭ ахәышәтәырҭаҿы ацхыраара рырҭеит. Рыԥсҭазаара шәарҭа иҭагылам.

Урыстәыла, аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара инамаданы ашьаус хацнаркит, аҳәарагь ҟанаҵеит ООН Ашәарҭадаратә хеилак Азовтәи амшын аҿтәи аҭагылазаашьаз ҷыдала алацәажәара мҩаԥнагарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0