Стенин ихьӡ зху афоторепортиорцәа ҿарацәа реиндаҭлара арзаҳалқәа аднакыло иалагоит

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие выставки победителей IV международного конкурса имени А. Стенина
Открытие выставки победителей IV международного конкурса имени А. Стенина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Стенин ихьӡ зху афоторепортиорцәа ҿарацәа Жәларбжьаратәи реиндаҭлара арзаҳалқәа аднакыло иалагоит.

МОСКВА, ԥхынҷкәын 20. Традициак аҳасаб ала, ԥхынҷкәын 22 аҽны 2014 шықәса рзы Донбасс иҭахаз Андреи Стенин имшира аҽны ихацыркхоит арзаҳалқәа рыдкылара аусмҩаԥгатә.

Победители конкурса имени Андрея Стенина - Sputnik Аҧсны
Стенин ихьӡ зху аиндаҭлараҿ иреиӷьу афотосахьақәа алырхит

Аиндаҭлара рылахәразы азыҳәақәа рыдкылашьа атәы арбоуп асаит stenincontest.ru аҟны. Афотоҭыхыҩцәа қәыԥшцәа ртәыла аԥшӡара, аԥсабара, ақалақьтәи ақыҭатәи пеизажқәа, ауааԥсыра рыԥсҭазаарақәа аадырԥшуеит рҭыхымҭақәа рыла. Аиндаҭлара иалахәхар рылшоит 18 шықәса инаркны 33 шықәса рҟынӡа зхыҵуа. Иара иахықәкы хаданы иҟоуп афотоҭыхыҩцәа қәыԥшцәа ацхыраара рыҭара ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аиндаҭларахь аусумҭақәа рыдыркылоит аноминациақәа хәба рыла: "Моя планета", "Портрет. Герой нашего времени", "Главные новости" и "Спорт". 2019 шықәса рзы арҭ аԥшьба ирыцлеит ахәбатәи аноминациа: "Вдохновение". Абжьыҭира аихшьаалақәа рыла иҳәаақәҵахоит номинациацыԥхьаӡа рҟны хԥа-хԥа ҭыԥ, иара убасгьы алкаара ҷыда "гран-при".

Аиндаҭлара 2019 шықәса рзы аԥхьахәтә фонд иартәоит 100, 75, 50 нызқь мааҭ актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аҭыԥқәа рзы. "Гран-при" иартәоит 700 000 мааҭ, реиҳа аинтерес зҵоу аусумҭа ианашьахоит.

Открытие выставки победителей конкурса им. Андрея Стенина в Мадриде - Sputnik Аҧсны
Стенин ихьӡ зху аиндаҭлара асоциалтә ҳа ахархәаҩцәа иреиӷьу аусумҭа алыркаарц рыдыргалеит

Аиндаҭлара акуратор Оксана Олеиник илҳәеит, ари аиндаҭлара даара ибзиоуп ахы аарԥшразы, хә-континентк рҟынтәи афотоҭыхыҩцәа рацлабра. Алахәылацәа алшара рымоуп аизҳаразы ҳәа.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлара хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аиндаҭлара – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп.

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлара 2018 шықәса рзы имҩаԥысит урыстәылатәии жәларбжьаратәии АИХ (СМИ), аинформациатә маҵзурақәеи афотоеилазаарақәеи рыдгыларала. Аиндаҭлара информациатә партниор хаданы иҟан: урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә канал "Россия-Культура", аинформациа-жәабыжьтә портал KP.ru, аинформациатә портал ЖурДом, апортал Russian Photo.

Аиндаҭлара жәларбжьаратә информациатә партниор хаданы иҟан: аинформациатә маҵзура Askanews, аинформациатә маҵзура EFE, амедиахолдинг Independent Media, аинформациатә маҵзура Notimex, ателеканал, апортал RT, The Royal Photographic Society, Shanghai United Media Group (SUMG).

Аусхкытә информациатә партнерцәа рыҳасабала аиндаҭлара иадгылеит: Урыстәыла афотожурналистцәа рхеидкыла, Москватәи ажурналистцәа рхеидкыла, Аҿари астудентцәеи АИХ рхеидкыла,Академия Фотографии, амаҵзура ГеоФото, апортал Photo-study.ru, аинформациатә портал YOung JOurnalists, афестиваль "Фотопарад в Угличе".

2018 шықәса рзы ажиури иалахәын: AFP (Франциа), Anadolu Ajansi (Ҭырқәтәыла), Notimex (Мексика), ажиури ахадас дыҟан Ахмет Сел (Anadolu Ajansi).

Ажәабжьқәа зегьы
0