Аҟәатәи "Москва аҩны" ахыбраҿы ахәыҷқәа ирыдныҳәалеит

© SputnikНовогодняя елка в "Доме Москвы"
Новогодняя елка в Доме Москвы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи "Москва аҩны" аҟны аԥсаӡ аныҳәа шымҩаԥысыз атәи ахәыҷқәа ирыдныҳәаларц арахь иааиз алакә фырхацәеи ртәы - Sputnik Аԥсны аматериал аҿы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Аныҳәа аламҭалаз "Москва аҩны" алакә ссир угәаланаршәон. Араҟа еизеит аельфқәа, Аҵаа бабаду, Асҭыԥҳа, Мальвина, хәыҷ гәарҭак. Ахәыҷқәа зегь азыԥшын аԥсаӡ аҿаԥхьа имҩаԥысраны иҟаз ақәгыларақәа, аҳамҭақәа.

Традициала ишышьақәгылаз еиԥш, арахь иааиит Аԥсны иҟоу урыстәылаа рхәыҷқәа реиԥш аҭыԥантәи ахәыҷқәагьы. Ашьыжьныҳәа иалахәын афонд "Кьараз" хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәагьы ҳәа лҳәеит "Москва аҩны" адиректор Зоиа Баутина.

Посетители ярмарки на Красной площади - Sputnik Аҧсны
Лакәҵас: Ашықәс ҿыц азы Москва аҽеиҭакшьа

Хкырацәа ахәмаргақәа хшьны азал ҭбаа агәҭа игылан аԥсаӡ ҽырба. Ахәыҷқәа акәшаны итәан. Урҭ ирыдныҳәаларц арахь иааиит РУСДРАМ актиорцәа.

Пеппи Қалԥад-ау ахәыҷқәа дрызҵаауан лҩыза Атаманша дырбахьоу дрымбахьоу ҳәа. Ахәыҷқәа ирҳәеит дшырымбац, аха минуҭқәак рышьҭахь даацәырҵуеит лара лхаҭа. Пеппии Атаманшеи аиндаҭлара "Желалки" иалагоит. Уи иаладырхәуеит ахәыҷқәагьы.

Арахь дааиуеит Ҭажә ҭакәажәына. Уи иахьа ллеишәа цәгьамызт, аныҳәатә гәалаҟара лыман.

Ҭажә ҭакәажәына ахәыҷқәа дрыҳәеит "Аԥсаӡ абнараҿ иит" ашәа лыцырҳәарц. Ахәыҷқәа реиԥш адуцәагьы ари ашәа ааҭдырҟьоит.

Ус иааиуеит Аҵаа бабадуи Асҭыԥҳаи раамҭагь. Ахәыҷқәа ишрылшоз ҿырҭуан урҭ рыхьӡ ҳәаны. Даргьы шааизҵәҟьа еиуеиԥшым ахәмаррақәа, акәашарақәа, аиндаҭларақәа ирылагеит. Ахәыҷқәа ракәзаргьы ажәеинраалақәа ирыԥхьон, ашәақәа рҳәон, икәашон, рнапы еибаркны аԥсаӡ иакәшон.

Ахәылԥаз ахыркәшамҭаз Аҵаа бабадуи Асҭыԥҳаи аҳамҭақәа ршеит.

© SputnikНовогодняя елка в "Доме Москвы"
Новогодняя елка в Доме Москвы - Sputnik Аҧсны
Новогодняя елка в "Доме Москвы"
Ажәабжьқәа зегьы
0