Рауль Ҳаџьымба иофициалтә ныҟәара хыркәшаны Аԥсныҟа дхынҳәит

© Sputnik / Томас Тхайцук  / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент Республики Абхазия Рауль Хаджимба
Президент Республики Абхазия Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҧхынҷкəынмза 22 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба усуратə ныҟәарала Урыстəылатəи Афедерациа аҳҭнықалақь Москва дыҟан. Ԥхынҷкәын 23 рзы иныҟәара хыркәшаны Аԥсныҟа дхынҳәит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 – Sputnik. Аԥсны ахада Москва аусуратә еиҧыларақəа жəпакы мҩаҧигеит, иара убас, К.С. Станиславкии В.И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватəи академиатə Амузыкатə театр анапхгара иҟанаҵаз ааҧхьарала Амузыкатə театр 100 шықәса ахыҵра иазку аныҳəатə усмҩаҧгатə даҭааит. Агəырҕьаратə усмҩаҧгатə далахəын Аҧсныи Урыстәылеи Жəлар рартист, "Ахьӡ-Аҧша" аорден актəи аҩаӡара занашьоу Хьыбла Гьерзмааԥҳа.

Рауль Ҳаџьымба аиубилеи идиныҳәалеит Москватәи амузыкатә театр адиректор хада Антон Гетьман.

"Ҳара ҳалаҽхәоит Москватәи атеатр аҿы аус ахьылуа иналукааша аоператә шәаҳәаҩы, Аҧсныи Урыстәылеи Жəлар рартист, "Ахьӡ-Аҧша" аорден актəи аҩаӡара занашьоу Хьыбла Гьерзмааԥҳа. Аброуп иахьхацлыркыз адунеитә сценахь лымҩа ҭбаа" —ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿ.

© сайт Президента Республики АбхазияПрезидент Абхазии Рауль Хаджимба и Народная артистка Абхазии и России Хибла Герзмава
Президент Абхазии Рауль Хаджимба и Народная артистка Абхазии и России Хибла Герзмава - Sputnik Аҧсны
Президент Абхазии Рауль Хаджимба и Народная артистка Абхазии и России Хибла Герзмава

Иара убасгьы иазгәаҭан атеатр аколлектив адунеитә тетртә ҟазара иахьыршәыгәны ишыҟоу.

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0