Ҳаџьымба: ҳџьынџьуаа ирыцныҟәатәуп, адгылара рыҭатәуп
"Ҳџьынџьуаа Аԥсныҟа иааз рхыԥхьаӡара аҵкьыс ицаз еиҳазаргьы ҟалап, аха иаанхаз Аԥсны иадҳәалоуп, урҭ ирыдгылатәуп, ирыцныҟәатәуп. Аԥсшәа дырҵаразы аусқәа аԥхьа инаргыланы. Иахьа атәылауаҩра роуеит Ливантәи, Иорданиантәи ихынҳәуа ауааԥсыра, урҭ анхарҭа ҭыԥқәа рыла реиқәыршәара азҵаара аӡбра ҳаҿуп. Аха уи уахыки-ҽнаки рыла иҟауҵо усым", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада есышықәсатәи ипресс-конференциа мҩаԥысит аҩаша, ԥхынҷкәын 25 рзы.