Ҳаџьымба еиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь ахада ишиашоу иалхразы игәаанагара зиԥсахыз

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация города Сухум
Администрация города Сухум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба абҵара 27 2018 шықәса рзы инапы аҵеиҩит аусԥҟа Аҟәатәи ақалақьтә еизара аҳҭнықалақь ахада бжьыҭирала иалхразы ирыдыркылаз аӡбра аԥыхзарц.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik, Бадри Есиава. Рауль Ҳаџьымба еиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь ахада ишиашоу иалхразы игәаанагара зиԥсахыз.

"Ааи, сара садгылаҩын аҳҭнықалақь ахада ишиашоу иалхразы, аха аҭагылазаашьа аҽаԥсахит. Сара избоит егьырҭ алхратә усқәа рҿы имҩаԥысуа апроцессқәа, акомандақәа реиҿкаара принципс иамоу, урҭ идырҿио аибарххарақәа. Ҳара макьана уи аформаҟынӡа ҳамнаӡац", - иҳәеит Ҳаџьымба.

Аҟәатәи ақалақьтә еизара аилатәара мҩаԥысит аԥшьаша, жьҭаара 25 2018 шықәса рзы. Аилатәараҿ иалацәажәон ареферендум амҩаԥгара азҵаара.

Аҟәатәи ақалақьтә еизара аилатәараҿ адепутатцәа рыбжьы рҭиит аҳҭнықалақь ахада ишиашоу иалхразы арефередум мҩаԥысрацы.

Ақалақьтә еизара адепутатцәа 18-ҩык рҟынтәи 16-ҩык ареферендум амҩаԥгара иадгылеит.

2018 шықәса абҵара 9 рзы аамҭала Аҟәа ақалақь апрокурор инапынҵақәа назыгӡо Алхас Агәмаа Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь апротест наишьҭит ирыдыркылаз аӡбра азакәаншьаҭа амам ҳәа арбаны.

Сухумские башенные часы - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ақалақьтә еизара аӡбра конституциатәым ҳәа иԥхьаӡаны мап ацәкуп

Апрокуратура агәаанагара ҵаҵӷәнаркит, Аԥсны Аконституциа инақәыршәаны ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа атәыла ахада иоуп иазҭо, Аизара ақәшаҳаҭрала ҳәа ахҳәааны. Амаҵзура иахаргыло ахада атәыла ахадеи Аминистрцәа реилазаареи рҿаԥхьа ҳасабырба ҟазҵо хаҿуп.

Аҳҭнықалақь адепутатцәа рыӡбра иақәшаҳаҭым иара убасгьы дара Аҟәатәи алхратә комиссиа ақалақьтә биуџьет аныхрақәа рахь ареферендум амҩаԥгараз ахарџьқәа аланагалароуп ҳәа ахьазырыӡбаз.

Аҟәатәи ақалақьтә еизара аӡбра дақәшаҳаҭым иара убасгьы аҳҭнықалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа. Уи адепутатцәа аофициалтә шәҟәы рзынаишьҭит. Ашәҟәаҿы иаҳәоит аҭыԥантәи ареферендум азы азакәан ахьыҟам инадҳәаланы ақалақьтә еизара аӡбра анагӡара залшом ҳәа. Адепутатцәа ирыдигалеит рыӡбра еиҭахәаԥшырц.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба абҵара 27 2018 шықәса рзы инапы аҵеиҩит аусԥҟа Аҟәатәи ақалақьтә еизара аҳҭнықалақь ахада бжьыҭирала иалхразы ирыдыркылаз аӡбра аԥыхзарц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0