Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Минџьиа: хабарда ибжьаӡыз ауаҩы иҭаацәа дырхашҭӡом иагьа аамҭа царгьы

© Sputnik / Томас ТхайцукМинджия Леон
Минджия Леон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Ахьӡ архынҳәра" иалахәу Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥш арратә ҵараиурҭа акурсант Леон Минџьиа арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны хабарда ибжьаӡыз рҭаацәа ишырхамшҭуа.
"Хра злоу ахҭысқәа": Минџьиа апроект "Ахьӡ архынҳәра" иазкны

"Уҭаацәа рҟны аӡә ихабар анеилкаам, иузааигәоу ауаҩы ицәыӡра хьаа дууп иагьа аамҭа царгьы. Уи хашҭшьа амаӡам. Иахьа ҳандуцәа, ҳабдуцәа иҭахақәаз рабацәа, хабарда ибжьаӡыз рыуацәа рхашҭӡом.

Апроект "Ахьӡ архынҳәра" аҟны аҭаацәарақәа ирыгхаз ауаҩы иӡбахә анраҳҳәо иамхаҵәыуоит, ирдыруа аҭоурыхқәа реиҭаҳәара иалагоит, ргәаҵанӡа ирыдыркылоит", — ҳәа азгәеиҭеит Минџьиа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ҩышықәса ҵуеит апроект "Ахьӡ архынҳәра" Аԥсны аус ауеижьҭеи. Уи хықәкыс иамоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны итҟәаз, хабарда ибжьаӡыз Аԥснытәи аибашьцәа  лахьынҵас ироуз рҭаацәа, рыуацәа деилыркаара. Апроект Аԥсны имҩаԥысуеит атәылахьчара аминистрра ацхыраарала. Урыстәыла архивқәа рҟынтә ироуз адыррақәа аус рыдуланы акурсантцәа хабарда ибжьаӡны иҟаз ирыдҳәалоу адыррақәа аазырԥшуа ашәҟәқәа ырмазеины ауацәа ирызнаргоит.

Аԥснынтә Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз рҟынтә аа-нызқьҩык хабарда ибжьаӡыз рсиаҟны иарбан. Еилкаахеит, урҭ рахьынтә 320-ҩык анемеццәа итҟәаны  иҭадырхаз роуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0