АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Аԥсныҟа аӡынразы атуристцәеи аԥсшьаҩцәеи радыԥхьалара алшоит ахәԥса лаҟәқәа рыла, ҳәа азиԥхьаӡоит Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа.
"Аԥсны аӡынтәи атуризм ахәԥса лаҟәқәа змоу ҳәа аимидж еиҿнакаароуп. Адлер, Аолимпиатә парк аҿы уаҩԥсык уахыки-ҽнаки иаангылара 3000 мааҭ иаԥсоуп. Асеиԥш аан урҭ рацлабра уадаҩуп, аха ҳаргьы уи ҳаннамкылароуп", - иҳәеит Гарцкиа.
Аҵыхәтәантәи аԥшьышықәса рыҩныҵҟа атуристцәа аӡынтәи рыдкыларҭа обиектқәа рхыԥхьаӡара 10 рҟынтәи 35 рҟынӡа ихалеит.
Аминистр иажәақәа рыла асасааирҭақәа аныҳәатә гәмырҿыӷьгатә программақәа аздырхиоит.
Аӡынтәи атуризм ахархәара алшоит аҳауатә ҭагылазаашьақәа инарыдҳәаланы. Иаҳҳәап, асы анышьҭо Риҵаҟа ахалара злалшо амашьына ҷыдақәа рылоуп. Аекстремалтә ԥсшьара пату ззақәу, ашәҩақәа рыла сыла ихыбу ашьхақәа рҿысра зҭаху рзы ареспубликаҿы иҟоуп афирмақәа, аверталиотқәа рыла ауаа иахьырҭаху рнагара зылшо.
Уи адагьы аӡынтәи атуристцәа Аԥсны иадрыԥхьалоит асезонтә шәырқәагьы. Аминистрра иазыԥхьагәанаҭоит аӡынтәи аҩтәы фестиваль аиҿкаара.