АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 – Sputnik. Норвегиатәи асахьаҭыхыҩ Едвард Мунк иусумҭақәа фба ыӡит Ослотәи амузеи Стенерсен аҟынтәи ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аҭыжьымҭа Dagbladet адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.
"Едвард Мунк иусумҭақәа фба ыӡит Ослотәи амузеи Стенерсен аҟынтәи. Зынӡа, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы абри амузеи аҟынтәи иӡхьеит 47 сахьа, урҭ реиҳарак Мунк иҭыхымҭақәа роуп", - ҳәа аанацҳауеит аҭыжьымҭа. Убри аан иазгәаҭоуп Мунк иҭыхымҭақәа 26 шыӡхьаз шықәсқәак раԥхьа.
1952 шықәса раахыс 900 рҟынӡа рҿиамҭа, анаплакҩы, аколлекционер Акер амузеи ҳамҭас иеиҭаз асахьақәа ахьчаҩ дрымамкәа астудентцәа рықалақь Согн азеиԥшнхарҭаҿи акаҳуажәырҭаҿи иӡырган, избанзар 1990-тәи ашықәсқәа раахыс амузеи ахыбра аус ауамызт.
Ажурналист ҭҵаара иаанарԥшит асахьақәа хԥа авенгр студент ишиӷьычыз, аха иара атәыла аанижьит ацәыӡ шыҟалаз еилыркаанӡа.
Шықәсык аԥхьа Мунк имузеи азыҳәа ҟанаҵеит иӡыз асахьақәа рзы аинформациа аиурц. Иҟаҵаз аҭак ала ишьақәыргылан зынӡа иааидкыланы 26 сахьа шыӡхьо.
Иӡыз Мунк иусумҭақәа ирылан: "Смерть Марата", "Омега плачет", "Плачущая девушка у кровати", "Портрет фру Р".
Асахьаҭыхыҩ иашьа иԥҳа Елизабет Мунк-Еллингсен иҟоу аҭагылазаашьа аҭыԥ амамзароуп ҳәа илшьоит.
"Осло акоммуна арҭ арҿиамҭақәа ахьгәыгәҭарыжьыз угәы унархьуеит", - лҳәеит лара.
Мунк имузеи адиректор Стеин Улаф Хенриксен ахҳәаа аимҭеит асахьақәа рыӡра уаанӡа иахьаламцәажәацыз. Иара иажәаәқа рыла Мунк имузеи арҿиамҭақәа рзы аҭакԥхықәра ахахьы иагеит 2010 шықәса рзы, уаанӡа уи аҭакԥхықәра здыз Осло акоммуна акәын.