Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵәыџьԥҳа еиҭалҳәеит Тҟәарчал араион аихьӡарақәеи ауадаҩрақәеи ртәы

© Sputnik Асмат Ҵәыџьԥҳа
Асмат Ҵәыџьԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион аҟны иҳаҩсыз ашықәс азы имҩаԥгаз аусурақәа, аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы аҭыԥаҟны иҭылҵаауан Sputnik акорреспондент Асмат Ҵәыџьԥҳа.
"Араион иаҭааз": Ҵәыџьԥҳа Тҟәарчал араион аихьӡарақәеи ауадаҩрақәеи ртәы

"Араион аҟны ауадаҩрақәа реиԥш аихьӡарақәагьы ыҟоуп. Агәы- Бедиатәи абжьаратә школ ҳаҭааит. Уи ақыҭеи егьырҭ ақыҭақәеи Тҟәарчали еимаздо амҩаду Урыстәылатәи аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҭашьақәыргылара цоит, аусурақәа макьана аҵыхәтәанынӡа инагам. Ақыҭауаа ҳрацәажәеит, ирҳәеит амҩа дара рзы акырӡа шаҵанакуа, уи аԥхьа Тҟәарчалынӡа инаӡарц сааҭк рҭахызҭгьы, иахьазы ҩажәа минуҭ, сааҭбжак рыла инеиуеит. Тҟәарчалынтәи Бедиаҟа уназго амҩа ҟаҵоуп, аха ареспубликатә мҩа хада аҟынтәи ақыҭахь узланеиуа амҩа аҭагылазаашьа уадаҩуп. Ашкол ахыбрагьы аҭагылазаашьа бзиам, акласстә уадақәа  хьшәашәоуп. Араион ахада Аида Чачхалиа илҳәеит араион ашколқәа абиуџьет аҟынтәи изларылшо ацхыраара шрырҭо, џьара аԥенџьырқәа ҿарҵеит, даҽаџьара ирхыбит. Иара убас Аԥсны аус зуа аҳәаанырцәтәи аиҿкаарақәа ашколқәа реиҭашьақәыргылараҟны ацхыраара ҟарҵоит. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭа акәзар аиҭашьақәыргылара иаҿуп, уадаҩра хадас ирымоу еиуеиԥшым ахырхартақәа рыла аҟазацәа рымам. Ахыбра ҿыц ари азҵаара иацхраап ҳәа агәыӷра ыҟоуп. Иаҳдыруеит убасгьы ахәшәтәырҭа аусзуҩцәа руалафахәы мчыбжьқәак раԥхьа идырым ауаа ишырӷьычыз. Ахәшәтәырҭа аиҳабы илҳәеит аныҳәазы аусзуҩцәа аԥара шрыҭахо", - лҳәеит Ҵәыџьԥҳа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0