Вышински идукат апеллиациатә шшыԥхьыӡ ҟаиҵеит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗаседание суда по делу журналиста К. Вышинского в Херсоне
Заседание суда по делу журналиста К. Вышинского в Херсоне - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Москва Киев адырра анаҭахьан РИА Новости Украина апортал анапхгаҩы Кирилл Вышинск иҭакра еицазхарҵахьо жәларбжьаратәи ауалԥшьақәа ирҿагылоит АИХ ахақәиҭрақәа рганахь ала ҳәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik. Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински идукат Андреи Домански РИА Новости иазеиҭеиҳәеит ззинқәа ихьчо ажьырныҳәа 28 рҟынӡа иаанкылараз аӡбарҭа аӡбамҭаз апеллиациатә шшыԥхьыӡ иахәҭоу аорганқәа рахь ишынеишьҭыз атәы.

"Иахьа ашшыԥхьыӡ ԥошьҭала исышьҭит", - иҳәеит Домански.

Министр иностранных дел РФ Сергей Лавров - Sputnik Аҧсны
Лавров Вышински изы: аиаша ахьиҳәоз азоуп дызҭаку

Ашәҟәы Херсонтәи апеллиациатә ӡбарҭахь инашьҭуп. Адукат игәаанагарала ажьырныҳәамза алагамҭазы ашәҟәы иахәаԥшраны иҟоуп.

"Апеллиациа ахәаԥшразы аҿҳәарақәа шьақәыргылоуп. Убри азы сақәгәыӷуеит амза 10 шыҟоу иҟоу еилаҳкаап ҳәа", - иҳәоит адукат.

Апортала РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра аԥсахра мҩаԥигоит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазыԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Херсонтәи ақалақьтә ӡбарҭа лаҵара 17 рзы Вышински даанкылатәуп ҳәа аӡбара аднакылеит. Аӡбарҭа аилатәараан Вышински Урыстәыла ахада иахь ацхыраара даҳәеит. Иара убасгьы аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина атәылауаҩра мап шацәикуазы.

Владимир Путин аҭагылазаашьа зеиԥш ҟамлац ауп ҳәа ахиҳәаит.

Ажәабжьқәа зегьы
0