"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Қаџьаиа Аԥсны аӡынтәи атуризм иазкны
"Аӡын иаҳзаауеит аԥсшьаҩцәа, аха имаҷуп. Ҳара ҳҟны аԥсшьара иаҳа ианаамҭоу ҳәа анраҳауа иџьаршьоит, ус иҟамзароуп, ашықәс аҩныҵаҟа атуристцәа ҳадаҳкылозароуп. Амала уи азы аӡҭарчқәа, акинотеатрқәа ҳамазароуп, иара убас иҟазароуп иланарԥшыроу ақәгыларақәа. Зегь раасҭа иҳагоу аӡыргара ауп. Уи аныҟаумҵа иахьа адунеи аҟны акгьы узыҭиӡом", - ҳәа азгәеиҭеит Қаџьаиа.