Нанба еиҭеиҳәеит ҳџьынџьуаа Аԥсныҟа ианыхынҳәуа уадаҩрақәас ирԥыло
"Ҳџьынџьуаа ҳабзазара алаҵәара еиҳа ирзыманшәалахон абызшәа рдыруазар. Избан акәзар абызшәа ззымдыруа ахәыҷы ашкол ахь дузышьҭом, ауниверситет дузҭаҵом. Напыла аус зуа џьара усурҭа ҭыԥк иԥшаар ауеит, аха, иаҳҳәап, абызшәа ззымҳәо ахәшәтәҩы, аинџьныр, арҵаҩы ауадаҩра изцәырҵуеит ацәажәара ахьаҭаху аусураҿы. Аԥсныҟа иаауа зегьы қыҭанхаҩуп ҳҳәар ииашаӡам", - ҳәа азгәеиҭеит Нанба.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.