00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Нальчик имҩаԥысуаз аҟазара аолимпиадаҿы аԥснытәи ансамбль қәҿиарала иқәгылеит

© Фото : предоставлено Тото АджапуаНальчик имҩаԥысуаз аҟазара аолимпиадаҿы аԥснытәи ансамбль қәҿиарала иқәгылеит
Нальчик имҩаԥысуаз аҟазара аолимпиадаҿы аԥснытәи ансамбль қәҿиарала иқәгылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
III Жәларбжьаратәи аҟазараз аолимпиада "Таланты Евразии – 2019" мҩаԥысит Нальчик, ажьырныҳәа 3 - 6 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи ансамбльқәа ахьтәы медалқәа хәба ранашьахеит III Жәларбжьаратәи аҟазараз аолимпиада "Таланты Евразии – 2019" аҿы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәатәи аҟазаратә школ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Тото Аџьапуа.

Афестиваль аҿы актәи аҭыԥқәа ранашьахеит акәашаратә коллективқәа "Амцеи" "Чегьеми", иреиӷьу ашәаҳәаҩцәа ҳәа иалырхит Тото Аџьапуа, Аҟәатәи аҟазаратә школ аҵаҩцәа Алан Гегенааи Амина Аџьапуаԥҳаи.

"Сара инасыгӡеит ашәа "Аԥсуа бираҟ" (ажәақәа Мзиа Беиаԥҳа - аред.)", - ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Иара иажәақәа рыла асценахь ицнеиит аԥсуа бираҟ зкыз ахәыҷқәа. Азал зегьы гыланы рнапы еинырҟьон иҳәоит иара.

Актәи аҭыԥ еиԥш Тото Аџьапуа ианашьахеит апрофессионалтә ҟазарази Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа реизааигәаразы илшамҭақәа рзи адиплом ҷыда.

Ансамбль Каданс. Репетиция - Sputnik Аҧсны
Санкт-Петербург имҩаԥысуаз афестиваль аҿы "Каданс" аиааира агеит

15-шықәса зхыҵуа Алан Гегенаа изы Нальчик ақәгылара ареспублика анҭыҵтәи раԥхьатәи қәгыларан. Иара инеигӡеит Муслим Магомаев иашәақәа ҩба - "Ноктюрн", "Мелодия". Актәи аҭыԥгьы ианашьахеит.

"Муслим Магомаев иашәақәа бзиа избоит. Урҭ ауаҩы игәаҵанӡа инаӡоит", - ҳәа иҳәоит ашәаҳәаҩ қәыԥш.

Аколлективқәа "Амцеи" "Чегьеми" (анапхгаҩы Адгур Кәарҷелиа) инарыгӡеит адыгакәашареи аԥсуакәашареи.

III Жәларбжьаратәи аҟазараз аолимпиада "Таланты Евразии – 2019" мҩаԥысит Нальчик, ажьырныҳәа 3 - 6 рзы. Иара иалахәын 300 рҟынӡа коллектив адунеи атәылақәа 30 рҟынтәи.

Ажәабжьқәа зегьы
0