Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷыҭанаа: акамшьиа акра иаҳа иазыҟаҵоу аҭырқәа ӷбақәа роуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аԥсабара ахьчаразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа
Аԥсны аԥсабара ахьчаразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥсабара ахьчаразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит Аԥсны сынтәа аԥсыӡ хкы акамшьиа шаҟа ркуа, иарбан ӷбақәоу, насгьы ахыԥхьаӡара шьақәзыргыло ртәы.
"Атәылауаҩи аиҳабыреи": Ҷыҭанаа аԥсыӡкра иазкны

"Ԥхынҷкәын 24 инаркны сынтәа аԥсыӡкра иалагеит. Аҳәынҭқарра ақәҵарала аԥсыӡкра азин змоу аӷбақәа 14 ыҟоуп, иара убас иҟоуп аидарамҩангагақәа, урҭ рхыԥхьаӡара 21 инаӡоит. Ари ҵыԥхи ҵыԥхцәеи иҟаз ахыԥхьаӡара еиҳаӡам, ишыҟац иҟоуп. Аӷбақәа зегьы Ҭырқәтәылантәи иааз роуп, избанзра акамшьиа  (хамса-аред.) акра аҭырқәа флот иаҳа иазыҟаҵоуп. Уажәшьҭа жәабаҟа шықәса ҵуеит ҳзауад анапхгаҩцәеи дареи аиқәшаҳаҭра рыбжьоижьҭеи, аԥара рызшәаны  иааргоит. Иазыԥҵәоу аквота аҟынтәи 15 процент Урыстәылатәи аӷбақәа рыла аԥсыӡ ркоит, аха урҭ аӷбақәа аҭырқәцәа ртәы еиԥш иазыҟаҵам акамшьиа акра, аквота ирымоугьы рзынагӡом", - иҳәеит Ҷыҭанаа.

Сынтәа акамшьиа 27 нызқь тонна акра азин ыҟоуп, ҵыԥх акәзар 20 ыҟан. Савели Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит Аԥсны иркуа аԥсыӡ ахыԥхьаӡара шышьақәдыргыло  аԥсыӡ нхамҩа иадҳәалоу Азов- Амшын Еиқәатәи аинститут аҟны.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху аицәажәара  шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0