Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба ача ахәԥса ашьҭыхра иазкны: азҵаара аҭак макьана иӡбам

© Sputnik / Томас ТхайцукSputnik Аԥсны акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба
Sputnik Аԥсны акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ачаӡыҩцәа рхеилак Аԥсны аминистрцәа реилазаарахь аҳәара ҟанаҵеит ача ахәԥса ашьҭыхра азҵаара иахәаԥшырцаз. Изхылҿиааи ас еиԥш аӡбамҭа, иацлома ача ахә - абри атәы еиликаауан Sputnik Аԥсны акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба.
Аҩӡба ача ахәԥса ашьҭыхра иазкны: азҵаара аҭак макьана иӡбам

"Ари азҵаара макьана аминистрцәа реилазаараҿы иахәаԥшраны иҟоуп. Аԥсны аекономика аминистрра аҟны ача ахәԥса ацҵара азҵаара иршәоит-ирзоит, аҵаҵӷәы ахьынӡамоу еилыркаауеит. Ҳзыҿцәажәаз аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Заур Гәлиа иажәақәа рыла, имҩаԥыргахьоу агәаҭарақәа рыла алкаа ҟауҵар алшоит Аԥсны ачаӡыҩцәа рхеилак иҟанаҵаз аҳәара хшыҩзышьҭра зҭәатәу зҵаараны ишыҟоу. Урыстәылантәи иаарго ачашыла ахә иацлеит, абылтәы акәзар, ус. Аха аҵыхәтәантәи аӡбамҭа макьана еилкаам, аганқәа зегьы анҭҵаахалак ашьҭахь аминистрцәа реилазаарахь иҟарҵоит ажәалагала, усҟан еилкаахоит ача ахәԥса иацло-иацымло", - ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.    

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.   

Ажәабжьқәа зегьы
0