Апиратцәа иааныркылаз Урыстәыла атәылауаа рыхәԥса ыҵырхуеит

© AFP 2023 / ROBERTO SCHMIDTПираты, архивное фото
Пираты, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апиратцәа ажьырныҳәа 2 ауха иааныркылеит 23-ҩык Урыстәыла атәылауааи Украина атәылауаҩыки рыла зекипаж шьақәгылаз аӷба MSC Mandy.

АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Гвинеиатәи аӡыбжьахалаҿ апиратцәа иааныркылаз урыстәылатәи атәылауаа рыхәԥса аҵхраз адырра ҟарҵеит. Абри  атәы РИА Новости иазааицҳаит Урыстәыла атранспорттә усзуҩцәа Жәларбжьаратәи рфедерациа (ITF) акоординатор Сергеи Фишов.

"Аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит. Уажәазы ҳаиқәышаҳаҭхароуп ауаа ахьеимаадо аҭыԥи иаҳшәо аԥареи рзы", - ҳәа иҳәоит Фишов.

Апиратцәа ирӷьычыз амшынуаа ахьыҟоу еилкаам, аха шамахамзар усеиԥшқәа раан аџьунглиқәа рҿоуп иахьырҵәахуа.

"Аԥара акәзар. Шамахамзар есқьынгьы аилахәаахәҭра мҩаԥысуеит. Аԥхьа ирҳәаз ахыԥхьаӡара еиҵыртәуеит. Ҳаилацәажәап", - иҳәоит ITF акоординатор.

Апиратцәа ажьырныҳәа 2 ауха иааныркылеит 23-ҩык Урыстәыла атәылауааи украинауаҩыки рыла зекипаж шьақәгылаз аӷба MSC Mandy.

Апиратцәа ирӷьычит урыстәылауаа фҩык. Бенин азинхьчаратә органқәа аусҭҵаара напы аларкит. MSC ахаҭарнак аҳәамҭа ҟаиҵеит аӷба зтәу абжьаҟазаҩцәа дышрышьҭоу, апиратцәеи иареи реилацәажәаразы.

Абри арегион аҿы амшынуааи аӷбақәеи рӷьычра бизнеск аиԥш иахәаԥшуеит. Ҳәа рҳәоит аекспертцәа, иагьазгәарҭеит ахҭыс иалахәу нигериатәи апиратцәа ракәзар ҟалап ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0