Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба еиҭеиҳәеит амҵурауаа рмазара ашәҟәы аҭагалара иазку азакәан  аус адулара шцо

© Sputnik / Томас ТхайцукБадрак Авидзба
Бадрак Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амаҵурауаа рмазара ашәҟәы аҭагаларазы азакәан апроект аус адулара шцо атәы  еиҭеиҳәеит Sputnik Аԥсны акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба.

Шықәсык аԥхьа аԥшьгаратә гәыԥ Жәлар Реизара ашҟа ааԥхьара ҟанаҵеит акоррупциа аҿагыларазы Еиду Амилаҭкәа реиҿкаара Аконвенциа  аҩажәатәи ахәҭаҷ адепутатцәа ирыдыркыларц иара убасгьы  аҳәынҭқарратә маҵурауаа изакәанымкәа амал ахьдырҳауа азы ашьауӷатә ҭакԥхықәра иақәдыршәаларц. Азакәан аԥҵаразы аусутә гәыԥ еиҿкаан. Уи иалоу изаамҭанытәу реиԥылара мҩаԥысит аԥшьаша, ажьырныҳәа 17 рзы.

Аҩӡба еиҭеиҳәеит амҵурауаа рмазара ашәҟәы аҭагалара иазку азакәан аус адулара шцо

"Ажәалагала ҵакыс иамоу дарбанзаалак ачынуаҩ имазара ашәҟәы ианиҵароуп, иуалафахәы маҷны имазара рацәазар иҳәароуп уи ахьынтәааигаз. Ус еиԥш азҵаара аҭак изыҟамҵар аҭакԥхықәра дақәдыршәар ауп. Апарламент аҟны излацәажәоз Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Аконвенциа аҩажәатәи ахәҭаҷ акәымызт, избанзар уи адкыларазы иахьа Аԥсны иҟоу азакәанқәеи иареи еинаалом, ашьауӷатә закәанеидкылаҟны иҟаӡам аилкаара "изакәанымкәа абеиара" ҳәа. Уи азы аԥсахрақәа алагалатәуп, урҭ рыда аҩажәатәи ахәҭаҷ аус ауртә изыҟалом. Иахьазы адепутатцәеи аԥшьгаратә ӷәыԥ иалоуи аус здыруло ачынуаа рмал ашәҟәы аҭагалара ауп. Аҳәынҭқарратә маҵурауаа анаҳҳәагьы урҭгьы зусҭцәоу азы ацәажәарақәа маҷымкәа иахылҿиааит. Аминистр, мамзаргьы даҽа ҭыԥк аанызкыло аҳәынҭқарратә маҵурауаҩ иоума, адепутат иакәзар дызҵазкуа, аха иахьазы еиҳарак зыӡбахә рҳәо ачынуаа аҭыԥ дуқәа аанызкыло роуп хадаратәла.

Аха ари  азҵаарагьы аус адулара аҭахны иҟоуп. Аԥшьгаратә гәыԥ иалоу убасгьы ажәалагала ҟарҵеит ачынуаҩ инаҩсгьы  иҭаацәа, изааигәоу иуацәа уҳәа рмазара ахылаԥшра аиурц рҭахуп. Араҟагьы азҵаарақәа ыҟоуп урҭ рахь иаҵанакуада ҳәа, аха аԥшьгаратә гәыԥ иалоу ргәаанагарала раԥхьа шьаҿак ҟаҵатәуп акоррупциа шьаҭанкыла ақәхра алымшозаргьы  иаҳа имаҷхарц. Азакәан апроект аус адулара аҭахны иҟоуп макьаназы. Иааиуа амчыбжь азы аусутә гәыԥ даҽа знык еилатәараны иҟоуп, анаҩс Жәлар реизара аилатәарахь инагахоит азакәан апроект адепутатцәа ахәаԥшырц. Уаҟагьы ицәырҵыр ауеит еиуеиԥшым азҵаарақәа", - ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.

Ажәабжьқәа зегьы
0