Кәыҵниа: аиқәырхаҩ иусура иацу аџьабаа зымбац изеилкааӡом
"Иаҳҳәап, амцакра аныҟалаҵәҟьа, жәохәҩык инареиҵамкәа, хԥа-ԥшьба машьынала амцарцәаҩцәа ацхыраара ҟарҵоит. Ашьха акәзар, уахь аҳауалеи шьапылеи ҳрышьҭалоит. Уи даара аџьабаа зцу усуроуп. Изымбац, имныҟәац изеилкааӡом. Џьара машәырк аӡәы дақәшәазар, ҳара ҳахиоуп уахынлагьы-ҽынлагьы ацхыраара аҟаҵара, аха ианыҵабыргым, ианиашам, уи ахәынҭқарра иаԥырхагоуп ҳәа сгәы иаанагоит", - азгәеиҭеит Кәыҵниа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.