Европа ачемпионат ConIFA – 2019 азы аҵәҭаршәра мҩаԥысуеит Краков

CC0 / / Футбольный мяч
Футбольный мяч - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ConIFA – 2019 ачемпионат мҩаԥысуеит 2019 шықәса рашәарамза 1-16 рзы Ашьха Ҟарабах аҳҭнықалақь Степанакерт аҿы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Европа ачемпионат ConIFA – 2019 азы аҵәҭаршәра мҩаԥысуеит Краков ақалақь, ажьырныҳәа 27 рзы ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ConIFA ахада ихаҭыԥуаҩ Дмитри Паӷәаа.

Иара убасгьы иҳәеит ԥшьба-ԥшьба командала еиҿкаау агәыԥқәа хԥа шышьақәыргылоу. Еизгоу аԥснытәи акоманда актәи агәыԥ иалашәеит. Арахь иаҵанакит Европа ачемпион - Паданиа акоманда.

Ашьапылампыл азы Аԥснытәи акоманда алахәыла Шабаҭ Логәуа иазгәеиҭеит атурнир аҿы акоманда ӷәӷәақәа шеизго.

"Акомандақәа акыр рыҩаӡара ҳаракуп. ConIFA атурнирқәа рҟынтәи арҭ ахәмаррақәа реиҳа иуадаҩхо ракәхар ҟалоит. Аинтерес аҵаны избоит Карпаталиеи ҳареи ҳаицыхәмарра. Ҳара уаанӡагьы ҩынтә ҳаиқәшәахьеит. Знык ҳаиҭахеит, знык ҳаҵахеит. Ҳариааир цәгьамызт", - ҳәа иҳәоит иара.

Амилаҭтә команда ахьчаҩбжа иазгәеиҭеит атурнир иафоваритцәаны ишыԥхьаӡоу ачемпионат аԥшәмацәа – Ашьха Ҟарабах акомандеи уажәтәи ачемпионцәа, Паданиа акомандеи.

"Уажәы ахәмарыҩцәа зегьы дасу рклубқәа рҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит аха ачемпионат анааигәахалак ҳҽеизаҳгоит. Акоманда азыҟаҵаҩцәа ишьақәдыргылоит ахәмарра иазыхиои иазыхиами", - иҳәоит Шабаҭ Логәуа.

Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациақәа р-Конфедерациа ConIFA шьаҭаркын 2013 шықәа, рашәарамза 7 рзы. Арахь иаҵанакуеит FIFA официалла иаҵанамкуа акомандақәа 40.

Ажәабжьқәа зегьы
0