00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Новости 13.30
13:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:37
15 мин
Актуальный комментарий
Делегация Абхазии на Международной ярмарке в Сирии. Интервью с главой МИД
18:53
12 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Москватәи аԥсуа диаспора ахылаԥшрала жәабранмзазы аинтеллектуалтә хәмарра мҩаԥысуеит

© Foto / abkhazmoscowОдна из команд игры "Что? Где? Когда?"
Одна из команд игры  Что? Где? Когда? - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинтеллектуалтә хәмарра "Иарбан? Иаба? Ианба?" аҽалархәразы арзаҳалқәа рыдыркылалоит жәабран 13 рҟынӡа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аинтеллектуалтә хәмаррақәа "Иарбан? Иаба? Ианба?" 2019 шықәсазтәи рсезон хацыркхоит Москва, жәабран 18 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Москватәи аԥсуа диаспора анагӡаратә директор Даур Барганџьиа.

"Ахәмарра иалахәхоит акомандақәа жәба рҟынӡа. Аҳәара ҟаҳҵоит заанаҵы арзаҳалқәа аашәышьҭырц" - иҳәоит иара.

Аиҿкааҩцәа ишазыԥхьагәарҭо ала, ахәмаррақәа мҩаԥыслоит шықәсык ахь ԥшьынтә.

Ахәмаррақәа мҩаԥысуеит адиаспора рхаҭарнакцәа рзы аха Аԥснынтәи акомандақәагьы алахәхара рылшоит ҳәа азгәеиҭеит Барганџьиа.

Дана Куджба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәыџԥҳа аинтеллектуалтә хәмаррақәа ирызкны: аҿар иадҳаԥхьаларц ҳҭахуп

Иара ишиҳәо ала аинтеллектуалтә хәмаррақәа "Иарбан? Иаба? Ианба?" Москватәи аԥсуа ҿар акыр ирылаҵәаны иҟоуп.

"Актәи ахәмарра инаркны ахьӡ-аԥша шьҭыҵит. Абри ашьҭахь ҳара иҳаӡбеит еиҳа лассы-лассы имҩаԥаагаларц. Ахәмаррақәа аҵак ду рыманы иҟоуп аҿар реибадырреи реинырреи рҿеиԥш ииашаны рыԥсшьараамҭақәа рыхгара аиҿкааразгьы" - иҳәеит иара.

Барганџьиа ишиҳәо ала азҵаарақәа рхырхарҭақәа еиуеиԥшым.

"Ҳара иара убасгьы иҳамоуп авидеозҵаарақәа. Егьырҭ атәылақәа рҿы инхо ҳдиаспора ахаҭарнакцәа ҳрыҳәоит рызҵаарақәа аарҭиларц" - иҳәоит иара.

Ахәмаррақәа рылахәразы арзаҳалқәа шрыдыркылои ахәмаррақәа ррегламенти ртәы аилкаара алшоит Москватәи аԥсуа диаспора асаит аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0