АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Sputnik Греция ахаҭарнак Костис Дадамис амҽышаҽны Афины ақалақь аҿы имҩаԥысуаз аҿагыларатә қәгыларақәа раан дрыпҟеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Ажурналист амҽышаҽны Афины ақалақь аҿы имҩаԥысуаз аҿагыларатә қәгыларақәа ҭихуан, ртәы иҩуан. Ақәгыларақәа мҩаԥысуан Ареспублика Македониа ахьӡ ҿыц аҭаразы аиқәшаҳаҭра иаҿагыланы.
Идырым ахаҿқәа Дадамис икамера имырхит, ихаҭагьы дрыпҟеит ҳәа аанацҳаит Sputnik Греция.
Уажәазы иара ахәышәтәырҭа дҭоуп, иԥсҭазаара шәарҭа аҵам.
Бырзентәыла афотожурналистцәа Реидгыла "асеиԥш иҟоу афашисттә хымҩаԥгашьа" дкылашьа амам ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит.
"Ҳара атәыла адемократиатә мчрақәа зегь рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит абри аус иақәыӡбарц", - ҳәа рҳәоит аиҿкаараҿы.
Амҽыша, уаанӡатәи Иугославиатәи Ареспублика Македониа аконституциатә хьӡ ҿыц аҭаразы аиқәшаҳаҭра иаҿагыланы имҩаԥысуаз ақәгыларақәа раан ааха роуит 30-ҩык рҟынӡа ауаа. Урҭ рҟынтәи 25-ҩык аполицаа иреиуоуп.
Атәыла аиҳабыра арҭ ақәгыларақәа еиҿызкааз арадикалтә елементқәеит апартиа "Золотая заря" алахәылацәеи роуп ҳәа азгәанаҭоит.
Ахәашаҽны Македониа апарламент адепутатцәа бжьеиҳала ирыдыркылеит атәыла Аконституциахь араиашарақәа ахьӡ аԥсахразы, НАТОи Евроеидгылеи ралаларазы.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аҳәамҭа ҟаиҵеит Македониа акәша-мыкәша аҭагылазаашьа ззырхоу балкантәи атәылақәа зегьы НАТО ралагалароуп ҳәа.