АҞӘА, ажьырныҳәа 23 — Sputnik. Ниагаратәи аӡхыҽҽа, Америка аҭыԥ ԥшӡарақәа ируак, атәыла аҩада-мраҭашәаратәи ахәҭаҿы аҭыԥ змаз ахьҭақәа ирыхҟьаны аҵаа иакит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ателеканал CNN адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.
Аӡхыҽҽа аҵаахара - 20 градус рҟынӡа аҳауа ахьыхьшәашәахаз ауп изыхҟьаз.
"Аҽа ҩымчыбжьа рҟынӡа арегион аҟны ишыхьҭоу иаанхоит", - ҳәа иҳәоит аметеоролог Маикл Гаи.
Аҵаа иакыз аӡхыҽҽа хыԥхьаӡара рацәала атуристцәа аҭаауеит.