Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Дбар: Уалид Маршьан дызнысыз афырхаҵаратә мҩа ҿырԥштәы бзиоуп ҳауаажәлар рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Дбар
Беслан Дбар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иналукааша аԥсуа диаспора ахаҭарнак, аинрал Уалид Маршьан дызнысыз афырхаҵаратә мҩа ҿырԥштәы бзиоуп ҳауаажәлар рзы ҳәа азгәеиҭеит уи ибаҟа аартраҟны Аԥсадгьыл  ахь архынҳәразы аминистр  Беслан Дбар.
Дбар: Уалид Маршьан дызнысыз афырхаҵаратә мҩа ҿырԥштәы бзиоуп ҳауаажәлар рзы

"Аԥсуа фырхаҵа, аинрал Уалид Маршьан Абаза дыруаӡәкуп Шьамтәыла аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа дуқәа. Иара данысит ахьанҭара маҷымкәа изцыз аԥсҭазааратә мҩа", - иҳәеит Дбар.

Аминистр иқәгылараҟны дазааҭгылеит аинрал инысымҩа. Уалид Маршьан дыруаӡәкуп Шьамтәыла ашәарҭадара архәҭа ҷыда аиҿкааҩцәа. Аамҭак азы далан Шьамтәыла ахада Хафез Асад хаҭалатәи ихьчаратә еилазаара, напхгара аиҭон ашәарҭадаратә маҵзураҟны  атанктә дивизиа, ақалақь Хама аполитикатә шәарҭадаратә усбарҭа напхгара аиҭон, анаҩс Дамаск аполитикатә шәарҭадара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс, уи ашьҭахь Шьамтәыла  ашәарҭадара амаҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩс дыҟан.

"Шьамтәыла аибашьра ианалага  Уалид Маршьан аҿагыларатә гәыԥ аԥиҵеит. Уи аилазаараҿы иахьагьы хьыӡла-ԥшала еибашьуеит Шьамтәыла асуверенитет иазықәԥо аԥсуаа. 2012 шықәсазы атеррористцәа дҭадырхеит Уалид иԥа Анзор. 2013 шықәсазы аинрал Уалид Маршьан напхгара аиҭеит Аль-Кунеитра ақалақь асоциал аиҭаҿиара апартиа аҟәша. Уалид идунеи аниԥсах ашьҭахь  2017 шықәсазы ари ауалԥшьа анагӡара иҽаизикит иҷкәын аиҳабы Халид Маршьан. Уалид иашьцәа - алегендартә ԥырҩы, аԥыза Мамдыхә Маршьан, ауаажәларратә усзуҩ Шьараф, уи иԥшәма ԥхәыс Шьамтәыла апарламент алахәыла Џьансеҭ Казанба рџьабаа, ргәымшәара атәы ззымдыруа дыҟам. Дара Шьматәыла ауаажәларра-политикатә ӡыблара ишалагылазгьы еснагь иазҿлымҳан рыԥсадгьыл Аԥсны алахьынҵа. Ҿыӷәӷәала иаҳҳәар ҳалшоит Уалид Аԥсны амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара далахәын ҳәа. Акырынтә Аԥсны даахьан аибашьра аан, уи ашьҭахь. Иара имч,илша, идыррақәа зегьы Аԥсныи Шьамтәылеи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа рымҽхак арҭбаара иазкын. Уалид Маршьан ихьӡ хашҭра ақәым, ҿырԥштәы бзианы иҟалеит ҳауаажәлар рзы уи дызнысыз ифырхаҵаратә мҩа",- ҳәа азгәеиҭеит  Дбар.

Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аминистрра ашҭаҿы иахьа иаартын иналукааша ҳџьынџьуаҩ, аинрал Уалид Маршьан Абаза ибаҟа. Уи аартра  иалахәын Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба, Аҧыза-министр Валери Бганба, Аҧсны Жәлар реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуцәа, Уалид Маршьан иуацәа, иҭынхацәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0