Урыстәылеи Аԥсныи ацитрус шәыр аусеиҭадулара азҵаара иалацәажәеит

© Sputnik  / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСбор мандаринов в Абхазии
Сбор мандаринов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азҵаара цәырган ақыҭанхамҩа аминистр Амиран Какалиа зхадараҿы дыҟаз аԥсуа делегациеи Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистрра ахаҭарнакцәеи ажьырныҳәа 17 рзы Москва реиԥылараан.

АҞӘА, ажьырныҳәа 24 – Sputnik. Аԥсны ацитрус шәырқәа аус еиҭарыдуларазы азауад аргылара азҵаара цәырган ақыҭанхамҩа аминистр Амиран Какалиа зхадараҿы дыҟаз аԥсуа делегациеи Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистрра ахаҭарнакцәеи ажьырныҳәа 17 рзы Москва реиԥылараан ҳәа радио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит аилахәыра "Абхазпродэкспорт" анапхгаҩы Амиран Лагәлаа.

Продажа мандаринов на границе России и Абхазии в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны
Шәачатәи аҳазалхыҩцәа "амандаринатә сезон" иалацәажәоит

"Асеиԥш иҟоу азауад аргылараз ҳара аӡәгьы ҳиҳәомызт. Азауад ргылахар аю-ганк рзы хра аманы аус аулоит, аекономика аганахь ала ихәарҭахоит", - ҳәа иҳәеит Амиран Лагәлаа.

Иара иҳәеит абри азҵаара иалацәажәан Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Амиран Какалиа зхадараҿы дыҟаз аԥсуа делегациеи Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистрра ахаҭарнакцәеи ажьырныҳәа 17 рзы Москва реиԥылараан ҳәа.

Иара ихәшьарала Аԥсны аҩныҵҟа ацитрус шәырқәа 2018 шықәсазы рхышәаҵышәа 65 нызқь тонна инаӡоит.

"Иахьазы ипроблема хаданы иҟоу ацитрус шәырқәа реизгараан аԥхасҭа роура ма атауарԥшра рымамзаароуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Амиран Лагәлаа иазгәеиҭеит ақыҭанхамҩатә аалыҵ адәныҟатә хаҭабзиара ахьамам азы аҭира уадаҩуп ҳәа.

"Агәыӷра ҳамоуп хара имгакәа усеиԥш иҟоу ашәыр аусеиҭадулара алзыршо азауад ҳауп ҳәа", - иҳәеит иара.

Асеиԥш иҟоу анаплакы лассы Аԥсны иҟалар алшоит избанзар аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит ҳәа иҳәоит "Абхазпродэкспорт" анапхгаҩы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0