Мадуро иҭыԥ аҿы аанхара игәы иҭоуп, аоппозициа иара амнистиа ширҭо рҳәоит

© REUTERS / CARLOS GARCIA RAWLINS Венесуела ахада Николас Мадуро
 Венесуела ахада Николас Мадуро - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин Венесуела ахада Николас Мадуро ҭелла даниацәажәоз иазгәеиҭеит Венесуела азиншьаҭа змоу аиҳабыра адгылара шииҭо атәы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 25– Sputnik. Венесуела ахада Николас Мадуро аҳәамҭа ҟаиҵеит 2025 шықәсанӡа иҭыԥ ааныжьра игәы ишҭам. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Протестующие в Каракасе, Венесуэла - Sputnik Аҧсны
Аоппозициатә парламент аиҳабы Венесуела ахадас ихы рылеиҳәеит

"Сара атәыла наԥхгара асҭалоит уи азы иахәҭоу аамҭа нҵәаанӡа аграждантә уаажәларреи аруааи рыцхыраарала. Сара исҭахуп Венесуела аҭынчра ҟаларц, аиашара аԥыжәара аиурц", - ҳәа иҳәеит Мадуро Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿ иқәгылараан.

Венесуела аоппозициатә лидер Хуан Гуаидо, аамҭалатәи атәыла ахадас ҳәа зхы рылазҳәаз, иҳәеит Николас Мадуро амнистиа иҭара дшазыхио.

Гуаидо игәаанагарала асеиԥш атәылаҿ адемократиа ашьақәыргылара иазырхо аԥшьгамҭа аоппозициатә парламент аҿы иалацәажәараны иҟоуп.

"Амнистиаз азакәан апроект алацәажәара мҩаԥысуеит",-ҳәа иҳәеит иара ателеканал Univisión аинтервиу аҭо.

ЕАШ амаӡаныҟәгаҩ хада Маик Помпео Венесуела иҟоу америкатәи адипломатцәа рыхьчаразы амчра ахархәара алыршахо иалмыршахо атәы даламцәажәеит, аха иҳәеит атәыла анапхгара уи азы иалшо зегь шыҟанаҵо.

"Аус ауеит иааԥмырҟьаӡакәа аоперациатә центр. Ҳтәылауаа рыхьчаразы иахәҭаны иҟоу зегь ҟаҵахоит",-ҳәа иҳәеит Помпео.

Иара иазгәеиҭеит иҟоу аҭагылазаашьа ЕАА аиҳабыра рҿы ишалацәажәахьоу.

"Ҳара дазхаҳҵоит аамҭалатәи ахада Хуан Гуаидо. Иара аҳәара ҟаиҵеит ҳдипломатиатә зинмчра ҳаманы атәылаҿ ҳаҟазаарц. Ҳаргьы Каракас ҳнапынҵақәа шынаҳагӡац инаҳагӡоит" - иҳәоит Помпео.

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков ЕАА ахь ааԥхьара ҟаиҵеит Венесуела аҩныҵҟатәи аусқәа ахы рыланамгаларц.

"Амчра ахы архәара акыр ашәарҭара аҵоуп" ҳәа иҳәеит иара ателеканал CNN аефир аҿы.

Иахьатәи аамҭазы Гуаидо истатус адгылара арҭеит: ЕАА, Канада, Аргентина, Бразилиа, Чили, Колумбиа, Коста-Рика, Гватемала, Гондурас, Панама, Парагваи, Перу, Қырҭтәыла. Урыстәыла акәзар Мадуро Венесуела закәаншьаҭала иалху хаданы даԥхьаӡоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0