Атанкер "Маэстро" аҿы амца ҿыцәааит

© Foto / Следственный комитет РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАтанкер "Маэстро"
Атанкер Маэстро - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Урыстәыла аусҭҵааратә Еилакы адырра ҟанаҵахьан Амшынеиқәаҿ атанкерқәа "Канди" "Маэстро" рымцакра зыхҟьаз ашәарҭадара аҽацәыхьчара азакәанқәа иахьрықәныҟәамыз ауп ҳәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 — Sputnik. Атанкер "Маэстро" аҿы амца ҿыцәааит, аха иарахьы ахалара макьаназы ишәарҭоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Атанкерқәа рыҩбагьы рԥырсал лашьҭуп. "Маэстро" аҿы амц убом, аха аҩныҵҟа иалшоит макьана иҿымцәаац аҭыԥқәа ыҟазар. Уи агәаҭара макьаназ игәаӷьыуацәоуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

"Канди" аҿы акәзар, амца шеибакыц еибакуп, аамҭа-аамҭала аӡы ақәырҭәоит.

Танзаниа абираҟ иаҵагыланы иӡсоз аӷбақәа "Канди", "Маэстро" амца ркит Керчтәи аӡыбжьахалаҿы. Аӷбақәа рҿы иҟан 32-ҩык амшынуаа: 12-ҩык еиқәырхоуп, 10-ҩык хабарда ибжьаӡит, аҽа жәаҩык ҭахеит.

Аԥшааратә операциа хыркәшан ажьырныҳәа 25 рзы.

Керчь ибылуа атанкерқәа рҟынтәи хабарда ибжьаӡу амшынуаа рыԥшаара хыркәшоуп

Ажәабжьқәа зегьы
0