Габниа: аус зымуа ауаҩы амашьына жьакца даҩызоуп
"Аԥсҭазаара бзиа избоит, избанзар сгәы иҭоу рацәоуп, зегьы срыхьӡар сҭахуп азы- ҩ-мҩакы сырнуп. Ауаҩы акы данаҿу иқәрагьы иныԥшӡом, акгьы ҟаӡымҵо иоуп иажәуа. Амашьына аус анауа ижьакцаӡом, ауаҩгьы ус ауп. Насыԥ змоу уаҩны схы сыԥхьаӡоит, сыԥсҭазаара сахашшауа сыҟам. Ауаҩы ани сыгуп ари сыгуп ҳәа имҳәазароуп-иҟасҵараны иҟоу ҳәа дхәыцуазароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Габниа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.