Аԥсны ахада иалхра арыцхә шьақәдыргылоит лаҵарамзазы

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада иалхра арыцхә шьақәдыргылоит лаҵарамзазы
Аԥсны ахада иалхра арыцхә шьақәдыргылоит лаҵарамзазы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Гиви Габниа радио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит азакәанԥҵара инақәыршәаны атәыла ахада иалхра арыцхә шьақәыргылатәуп ҳәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 31– Sputnik. Аԥсны ахада иалхра арыцхә шьақәдыргылатәуп лаҵарамза 25 рҟынӡа ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Гиви Габниа арадио Sputnik аефир аҿы.

"Уаанӡатәи алхрақәа мҩаԥган нанҳәамза 26 2014 шықәса рзы. Уи ашьҭахь имҩаԥысит ахада иҭоубашьҭаҵара, атәыла ахада азинмчра изҭо. Абри инаркны ишьақәыргылатәуп уажәтәи алхрақәа ррыцхәгьы", - ҳәа иҳәеит иара.

Алхрақәа рзы азакәан инақәыршәаны алхрақәа ррыцхә шьақәнаргылоит Апарламент, иахьатәи атәыла ахада изинмчрақәа рыҿҳәара анҵәара ԥшьымз шагу (26.08.2014ш.).

Ҳашыг: иааиуа ашықәс азы Аԥсны имҩаԥысуа алхрақәа ажуналистцәа рҽазыҟаҵаны иазнеироуп

Алхрақәа рзы аиндаҭларақәа мҩаԥысуеит хымз рыҩныҵҟа закәаншьаҭала.

"Азакәан аҿы иҳәоуп: алхрақәа ррыцхә шьақәнаргылоит Апарламент, иахьатәи атәыла ахада изинмчрақәа рыҿҳәара анҵәара ԥшьымз шагу, алхраԥхьатә еиндаҭлара мҩаԥысыр алшоит ҩымз инаркны хымзынӡа", - ҳәа иҳәоит иара.

Гиви Габниа иазгәеиҭеит азакәан инақәыршәаны атәыла ахадас ҳәа ркандидатурақәа ықәдыргылар рылшоит аполитикатә партиақәа реиԥш алхыҩцәагьы ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0