Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагба: аҳәынҭқарра дуқәа абџьар аҭыжьраҟны ианеицлабуа - шәарҭоуп

© Фото : из личного архива Беслана Хагбааполитолог Беслан Ҳагба
аполитолог Беслан Ҳагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ибжьаратәуи имаҷуи зынаӡара ыҟоу аракетақәа рзы Урыстәылеи Еиду Америкатәи аштатқәеи ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра арадио Sputnik аҟны ахҳәаа азыиуит аполитолог Беслан Ҳагба.
Ҳагба: аҳәынҭқарра дуқәа абџьар аҭыжьраҟны ианеицлабуа - шәарҭоуп

"Аракетақәа рзы Аиқәшаҳаҭра Асовет Еидгылеи Америкатәи аштатқәеи ирыбжьарҵеижьҭеи 30 шықәса ҵуеит. Аиадертә бџьар змоу аҳәынҭқаррақәа рыстратегиа аҭышәынтәалара зыбзоуроу ҩба-хԥа еиқәшаҳаҭра  иҟоу роуп. Урҭ руак Еиду Америкатәи аштатқәа ирыбзоураны иҟаҵан. Исгәалашәоит, иҳаҩсыз ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа рзы имҩаԥысуаз ақәгыларақәа Европа иҟаз аракетақәа ықәгазарц, аҭышәынтәалара иаԥырхагоуп ҳәа. Анаҩс Аиқәшаҳаҭра аҿы инеит. Уи иабзоураны иахьа уажәраанӡа аракетақәа абжьаратәи имаҷу аклассқәа ирыҵаркуа аԥыхны иҟан Европа. Аха уажәшьҭа Аиқәшаҳаҭра аҭахрақәа ирықәымшәо иалагеит, еиҳаракгьы Еиду Америкатәи аштатқәа, иара убас егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы аиадертә бџьар змоу рракетақәа дырҿыцуа иалагеит, иаагозар, Китаи. Арҭқәа ирыхҟьаны аиҿагыларақәа цоит. Иара Урыстәылагьы аекспертцәа иазгәарҭоит Аиқәшаҳаҭра згәамԥхоз рацәаҩын ҳәа, избанзар аракетатә технологиа аиҭарҿиара иаԥырхагоуп. Китаи иахьа ирацәаны аракетақәа ҭрыжьуеит, шықәсқәак рышьҭахь убас иҟалар алшоит уи Еиду Америкатәи аштатқәеи Урыстәылеи рыҩаӡара аҟынӡа инаӡар алшоит ҳәа. Убри аҟынтәи аҟазацәа рыбжьара иҟоуп иазгәазҭо ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара акәымкәа, иҵегьы аиадертә бџьар змоу рхы алархәны иҿыцу аиқәшаҳаҭра аԥырҵар иаҳа еиӷьзар ҟалап астратегиа аҭышәынтәаларахь икылсырц. Аха ҩ-ҳәынҭқаррак анеицәажәо иаҳа алҵшәа амоуп, хԥа-ԥшьба аиқәшаҳаҭра анрыбжьарҵо аасҭа. Шәарҭас иҟоу иахьа аҳәынҭқаррақәа дуқәа  абџьар аҭыжьраҟны  аицлабра ианалагалак аекономика ҵнашәаауеит, даара иԥырхага духар алшоит", - иҳәеит Ҳагба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0