Аԥснытәи акаратистцәа амедалқәа фба ргеит ақәԥарақәа рфестиваль аҟны

© Foto / предоставлено Артемом Ходжоян Каратисты из Абхазии приняли участие в IX Открытом фестивале спортивных единоборств и боевых искусств
Каратисты из Абхазии приняли участие в IX Открытом фестивале спортивных единоборств и боевых искусств  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи акаратистцәа алахәын ақәԥаратә ҟазареи аспорттә қәԥареи рзы IX-тәи иаарту афестиваль "Кубок равноапостольного Николая Японского". Афестиваль мҩаԥысуан Москватәи аобласт, Пушкино ақалақь аҿы.

АҞӘА, жәабран 5 – Sputnik, Бадри Есиава. Ахьтәы медалқәа ԥшьбеи аџьазлых медалқәа ҩбеи Аԥсныҟа иааргеит акаратистцәа ҿарацәа. Дара алахәын ақәԥаратә ҟазареи аспорттә қәԥареи IX иаарту рфестиваль "Кубок равноапостольного Николая Японского" ҳәа  Sputnik иазеиҭеиҳәеит косики карате азы Аԥсны Афедерациа аиҳабы Демис Адлеиба.

Фестиваль боевых искусств «Кубок Равноапостольного Николая Японского» - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Урыстәыла имҩаԥысраны иҟоу аспорттә қәԥарақәа рфестиваль иалахәхоит

"Ҳкоманда фҩык аспортсменцәа рыла ишьақәгылан. Дара зегьы амедалқәа роуит. Ахьтәы медалқәа ргеит: Ерики Артури Ходжоианаа, Дмитри Адлеиба, Ҭемыр Быҭәба. Ахԥатәи аҭыԥ ныркылеит Альберт Керакесиани Софиа Аҩӡыԥҳаи. Аицлабрақәа ирылахәын 300-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи", - иҳәеит Адлеиба.

Адлеиба иазгәеиҭеит ҳаспортсменцәа агәалаҟазаара бзиа рыманы рыҩныҟа ишыхынҳәыз, уажәы дара "Сибра иаарту Ахраҿа" рыҽшазыҟарҵо. Аспорттә фестиваль мҩаԥысраны иҟоуп жәабран 22 - 26 рзы, Барнаул.

Аспорттә фестиваль мҩаԥысраны иҟоуп Урыстәыла аиашахаҵаратә қәԥаҩцәа реидгыла ахылаԥшрала. Иара раԥхьаӡа акәны еиҿыркааит 2011 шықәса рзы, Иапониа иҟалаз адгьылҵысраан ааха зауз ауаа рыцхрааразы. Уиижьҭеи иара есышықәса имҩаԥыргоит. Аԥсны фынтәуп иалахәхоижьҭеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0