Аԥсны аекологиазы аҳәынҭеилакы абнацгәы ашьра шыҟалаз ҭнаҵаауеит

© Foto / Daniel ManganeliПереднеазиатский леопард
Переднеазиатский леопард - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абнатә ԥсабара адунеизегьтәи афонд жәабран 5 рзы аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсны, 2016 шықәса рзы аԥсабарахь иоушьҭыз, Кавказ азиа-ааигәатәи абнацыгәқәа рыҿиаразы Апрограмма иалахәыз абнацгәы ршьит ҳәа.

АҞӘА, жәабран 6 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны ашьхараҿы абнацгәы ршьит ҳәа иҟоу аинформациа иашамзар алшоит ҳәа Sputnik иазааицҳаит Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мурман Соломко.

"Аинтернет аҿы афотосахьақәа рацәоуп, аха ишьыз ашәарах Шәачантәи иоурышьҭыз абнацгәы ауп ҳәа аҳәара уадаҩуп. Асеиԥш ахҭыс аан дара рыҽҳамардоит. Нас аус еицаауеит. Аха уажәазы аҳәырԥсарроума аԥстәқәа рыхьчараз Аилазаароума аӡәгьы иҽҳамеимдеит абри аганахь ала", - ҳәа иҳәеит иара.

Абнатә ԥсабара адунеизегьтәи афонд жәабран 5 рзы аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсны, 2016 шықәса рзы аԥсабарахь иоушьҭыз, Кавказ азиа-ааигәатәи абнацыгәқәа рыҿиараз Апрограмма иалахәыз абнацгәы ршьит ҳәа.

Леопард Килли - Sputnik Аҧсны
Кәыдрытәи аиҩхааҿы ашәарыцацәа абнацгәы ршьит

Абнатә ԥсабара адунеизегьтәи афонд адыррала, ахҭыс ахьыҟалаз Мрамба аҭыԥаҿ аекологи Ажара ақыҭаҿтәи аволантиори аԥшаарақәа ирҿуп.

Аха  Соломко иажәақәа рыла, ашәарах ашьҭақәа роума ашьацҳәоума акгьы рымбацт.

"Ҳусзуҩи аволонтиори аҭыԥ зегь еимырдеит, аха шьҭа ҳәа акгьы рымбеит. Мрамба аҵакыра маҷуп. Уа шьацҳәак гылан иҟазар иумбар ауамызт. Ашьҭақәа зҵәахыша ас-ҿыц млеицт", - ҳәа иҳәеит Соломко.

Ажара ақыҭа ауааԥсыреи ашәарыцаҩцәеи иразҵааит аха урҭгьы шәарах-шьҭа рымбацт.

Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мурман Соломко иҳәеит аԥшаарақәа ишрыцҵахо.

Азиа-ааигәатәи абнацыгәқәа аԥсабарахь рхы иақәиҭны иоурышьҭит  2016 шықәса рзы, Кавказтәи аҳәынҭқарратәԥсабаратә ҳәырԥсарраҿ абнацыгәқәа рыҟазаара арҿиаразы Шәачатәи аԥсабаратә ҳәырԥсарра аҟынтәи. Ауснагӡатә мҩаԥган Владимир Путин иаԥшьгамҭатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны 2009 шықәса рзы.

Раԥхьатәи абнацыгәқәа Ахун, Килли, Викториа ракәын. Аҵыхәтәантәи Лыхны ақыҭан  2017 шықәса абҵарамзазы иркит, нас Урыстәылаҟа идырхынҳәит. Аамҭақәак рышьҭахь аԥсабарахь иоушьҭын аха нас иԥсны ирбеит. Уажәы Кавказ иахьаҵанакуа арҭ абнацыгәқәа шамахамзар иубом. Дара Ашәҟәы ҟаԥшь иануп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0