Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭарба: "Кавказ" Ҟрым имҩаԥнагаз аконцерҭқәа зегьы рҿы азалқәа ҭәын

© Sputnik / Томас ТхайцукАрвелод Тарба
Арвелод Тарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы Арвелод Ҭарба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ҟрымҟа рцара шыҟалази, ансамбль ақәгыларақәа ҟрымаа ишрыдыркылази.
Ҭарба: "Кавказ" Ҟрым имҩаԥнагаз аконцерҭқәа зегьы рҿы азалқәа ҭәын

"Аконцертқәа рҿы аншлаг ыҟан, ауаа гәахәарыла ҳрыдыркылеит. Ус имҩаԥаагеит х-концертк. Ҳгәы ҳыҭхыҭуа ҳазыԥшын ацҳа абара. Еиҭаҳәашьа амаӡам уи зеиԥшроу, агәҭа уқәсны уцоит, нырцә-аарцә ҩнык убом, зегь ӡуп. Амшын агәы уалаланы уцошәа ауп ишыҟоу.  Зегьы ртелефонқәа кны ацҳа аҭыхра иаҿын. Уамашәа иубаша, ҳанцоз ҽынланы ҳақәшәеит, ҳанаауаз уахынланы. Ҳманшәалан ҳцеит, иара усгьы ҳааит. Ҳгәахәтәы ҳахьӡеит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҭарба.    

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.   

Ажәабжьқәа зегьы
0