Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьонуа еиҭеиҳәеит Кәыдырҭа ашәарыцаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу

© Foto / yugaСергей Джонуа
Сергей Джонуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажара ақыҭа ахада Сергеи Џьонуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Кәыдрытәи аиҩхааҿы ашәарыцаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Џьонуа еиҭеиҳәеит Кәыдырҭа ашәарыцаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу

"Аиҩхааҿы игылоуп агәаҭарҭатә ҭыԥ, иҭало-иҭыҵуа ашәҟәы иҭаргалоит, абџьар рымоу ирымаму еилыркаауеит, уи азы азин ыҟоуп. Ашәарыцара аԥсуаа рҿы еснагь иҟан, абџьар атәы рдыруан, аԥҟарақәа ирықәныҟәон, уажәы зегьы шәарыцаҩцәахеит, абџьар атәы рыздыруам, абна атәы рыздыруам. Аанкылара ҳашьҭоуп, аха зегьы акоуп дара ртәы ҟарҵоит. Аԥсыӡ акәзар, иҭыршьаауеит, ари рыцҳара дууп. Аиҩхаахь ицарцаз уи азы азин узҭо ашәҟәы умазароуп, аха уигьы ԥынгылам ашәарыцаҩцәа рзы", - ҳәа азгәеиҭеит Џьонуа. 

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.   

Ажәабжьқәа зегьы
0