АҞӘА, жәабран 14 — Sputnik. ЕАА Рсенат Урыстәыла аганахьала асанкциа ҿыцқәа ралагалара агәы иҭоуп ҳәа азгәанаҭоит РИА Новости.
Асанкциа ҿыцқәа ралагалара ргәы иҭоуп "ЕАА алхрақәа ахрылагаларазы", "Шьамтәыла иҟанаҵо анырра бааԥс азы", "Украина имҩаԥнаго агрессиазы", Керчтәи аӡыбжьахала убрахь иналаҵаны. Москва арҭ азҵаарақәа рганахьала ирыдырҵо ахара еснагь мап ацәнакуан.
Азакәан ҿыц Урыстәыла абанкқәа рганахьала асанкциақәа азԥхьагәанаҭоит.
Уи адагьы, азакәан апроект иаҵанакуеит "Керчтәи ахҭыс иалахәуп ҳәа иԥхьаӡоу ФСБ агентцәа" 24-ҩык рганахьала асанкциақәа.
Асенаторцәа иара убасгьы иазыԥшуп Урыстәыла атеррористтә еиҿкаарақәа спонсорс ирымоу ирымаму ашьақәыргыларазы Аҳәынҭдепартамент алкаақәа. Иацҵатәуп, асенаторцәа Владимир Путин иактивқәеи Борис Немцов ишьреи рзы Аҩны шкәакәа ажәахә азнархиарц ажәалагала шыҟарҵаз.