Иԥсҭазаара далҵит актиор Сергеи Захаров

© Sputnik / Владимир Родионов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраактиор Сергеи Захаров
актиор Сергеи Захаров - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иԥсҭазаара далҵит Сергеи Захаров. Иԥсра амзызи анышә дахьамардои рзы макьаназ аинформациа ыҟам.

АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Еицырдыруаз асовет шәаәҳаҩ, Урыстәыла жәлар рартист Сергеи Захаров 68 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Захаров диит лаҵара 1 1950 шықәса рзы Николаев ақалақь аҿы. 1971 шықәса рзы Москва, Гнессинаа рыхьӡ зху аҵараиурҭа дҭалоит, ҩышықәса ааҵуаны диасуеит Ленинградтәи амузыкатә ҵараиурҭахь.

1974-шықәса рзы Жәларбжьаратәи аконкурс "Золотой Орфей" аҿы аиааира игоит. 1975 шықәса рзы акинофильм "Небесные ласточки" аҿы ароль хадақәа руак дыхәмаруеит.

Деицырдыруан ашәаәқа "Три белых коня", "Татьянин день", "Отцвели хризантемы", "Московские окна", "Очи черные" рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0