"Россотрудничество" Искандер диижьҭеи  90-шықәса аҵра иазкны аконкурс рыланаҳәеит

CC0 / / Перьевая ручка
Перьевая ручка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконкурс мҩаԥгахоит  8-10 аклассқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа рыбжьара.

АҞӘА, жәабран 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" ахаҭарнакра ирыланаҳәеит аконкурс "Сара исзааигәоу Фазиль Искандер ифырхацәа…" атемала. Аконкурс азкуп ашәҟәыҩҩы диижьҭеи 90-шықәса аҵра ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны иҟоу Аурыс культуратә фонд анапхгара ахантәаҩы Наталиа Каиун.

"Аконкурс ахықәкы – ашколхәыҷқәа  аҭоурых-культуратә ҭынха разхьарԥшроуп, рырҿиаратә ҟазара арцыхцыхроуп, акультура рыларҵәароуп, уи адагьы, ҳәарада, Фазиль Искандер ирҿиамҭақәа бзиа дырбароуп", - лҳәеит лара.  

Аконкурс мҩаԥгахоит 8-10 аклассқәа рҿы аҵара зҵо, 14 – 16 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рыбжьара.

 Фазиль Абдулович Искандер - Sputnik Аҧсны
Фазиль Искандер 90 шықәса ихыҵра азгәаҭахоит иара ида

"Аусумҭақәа аессеии ажәеиҭаҳәеи рформала ирыдыркылоит. Иҟалоит рӡыргара мҩаԥгахар. Ирыдыркыло аусумҭақәа кьыԥхьны иҟазароуп, ҩ-даҟьак иреиҵамзароуп (ашрифт 14 кегль)", - ҳәа азгәалҭеит Каиун.

Аконкурс ахалархәразы аусумҭақәа нашьҭтәуп Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" ахаҭарнакрахь ма аконкурс аелектронтә ԥошьҭахь: konkyrs19@mail.ru

Наталиа Каиун аҳәамҭа ҟалҵеит аусумҭақәа шрыдыркыло жәабран 13 инаркны хәажәкыра 4 рҟынӡа.

"Ҳара иаҳҭахуп Фазиль Искандер имшира аҽнынӡа аусумҭақәа ҳрыхәаԥшыр (хәажәкыра 6 – аред.)", - ҳәа лҳәоит лара.

Аусумҭақәа гәарҭоит "Россотрудничество" ахаҭарнакцәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәеи. Актәи ах-ҭыԥк нызкыло  аҵаҩцәа арккаратә ныҟәара "Мшыбзиа, Урыстәыла!" иалахәхар рылшоит лҳәоит Каиун.

"Россотрудничество" ахаҭарнакреи Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи аконкурс еиҿкааҩцәаны иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0