"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Ҵулукьиа Афганистан аибашьра иазкны
"Усҟан Асовет Еидгыла ахы шымҩаԥнагоз гхамызт, уи аҳәаақәа ахьчон, асоветтә ар мгылар, зегьы акоуп даҽа шьоукы гылон. Усҟан Асовет Еидгыла ажәлар зегьы аџьабаа рбеит, аха уи ииашан иҟаҵаз шьаҿоуп ҳәа сахәаԥшуеит. Асоветтә архәҭа мнеизҭгьы Америка архәҭақәа неиуан, усҟан иахьатәи ҳҭагылазаашьа иаҳагьы ицәгьахон, еиҳагьы атеррористцәа ахьырааӡаша аҭыԥ роуан. Еиҳарак дара ракәын аҿагылара ҳазҭоз, аҭыԥантәи ауааԥсыра рхы иархәан. Афганистан иқәынхози ҳареи ҳаизыҟазаашьа цәгьамызт иудгыланаҵы, аха иануԥырҵлак ԥхасҭарак ҟарҵон", - ҳәа игәалаиршәоит Ҵулукьиа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.