"Аекономика-инвестициатә форум аҿы Ненецктәи автономтә округи Аԥсныи ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырра-техникатә, иара убас акультуратә усеицуразы амеморандум ҳнапы аҵаҳҩит. Иазгәаҳҭеит, анаҩсгьы ахәаахәҭра-економикатә усура аизырҳара напы шадаҳкыло. Ҳнапы зҵаҳҩыз адокумент ала ииашоу аимадара шьақәзыргыларц иара убас еиззырҳарц згәы иҭоу анаплакцәа рхатә аԥшьгарақәа азгәаҭара бзиа роуеит. Уи анаҩс, Аԥсны ахадареи Краснодар атәылаҿацә анапхгареи 2019-2021 шықәсқәа рзы аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма ҳнапы аҵаҳҩит, 2009 шықәса раахыс иҳамоу аиқәшаҳаҭра иаҳа инарҭбааны аус ауртә еиԥш иҟаларцаз. Хышықәсатәи аплан иаҵанакуеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицура, ааглыхра азҵаарақәа, агәабзиарахьчара, атуристтә индустриа аизырҳара, аҵарадырра, аҿартә политика уҳәа", - ҳәа азгәеиҭеит Нанба.
Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба зхадараҿы дыҟаз аофициалтә делегациа Шәача, жәабран 14 рзы имҩаԥысуаз Урыстәылатәи аинвестициатә форум-2019 аартреи апленартә еилатәареи ирылахәын.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.